НАТО ҩаԥхьа Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакырц иаанаԥхьеит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСаммит НАТО в Брюсселе
Саммит НАТО в Брюсселе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса нанҳәамзазы амч ахархәарала уаанӡатәи автономиақәа архынҳәырц азы иаԥшьнагаз ахҭысқәа рышьҭахь.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. НАТО Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакырц ишаанаԥхьац иаанаԥхьоит иҳәеит НАТО аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Иенс Столтенберг Бриуссель Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылԥылаанӡа имҩаԥигоз апресс-конференциаҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ррегионқәа разхаҵара мап ацәнакырц ишааҳаԥхьац иааҳаԥхьоит", - иҳәеит иара.

Столтенберг иара убас иациҵеит Урыстәыла "Қырҭтәыла аҵакыра акзаара ҳасаб азнауларц, жәларбжьаратә азин пату ақәнаҵаларц".

Первый замглавы СММ ОБСЕ на Украине А. Хуг посетил г. Ясиноватая в Донецкой области - Sputnik Аҧсны
ОБСЕ Урыстәыла аанаԥхьоит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәнакырц

Уаанӡа адырра ҟарҵахьан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ажьырныҳәа 22 рзы Бриуссель иҟоу НАТО аштаб-квартира дшаҭаауа, иара убас НАТО-Қырҭтәыла еицырзеиԥшу акомиссиа аилатәара дшалахәхо.

Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәыла рхьыԥшымра азханаҵеит нанҳәа 26 2008 шықәсазы. Урыстәыла аиҳабыра изныкымкәа ирҳәахьан арҭ аҩтәылак рхьыԥшымра азхаҵара аиҭахәаԥшра ргәы ишҭам, уи аӡбамҭа иахьатәи аамҭа ишақәшәо. Қарҭ акәзар, урҭ рхьыԥшымра азханаҵарц агәы иҭам.

Нанҳәа 8 ауха 2008 шықәса рзы ақырҭуа ар "Градқәа", атанкқәа, авиациа рыла ихысуа аахыҵ Уаԥстәыла иажәлеит, аҳҭнықалақь Цхинвал абжа еилаԥырыххааит. Урыстәыла ауаԥс жәлар аӡәреи-аԥсреи ирцәыхьчо, ақырҭуа ир ирҿагылеит. Хәымш ицоз аибашьра ашьҭахь Аахыҵ Уаԥстәыла ахы иақәиҭтәын.

Ауаҩы изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа иацы ҵаҵӷәык аҵам ҳәа иаԥхьаӡеит 2008 шықәса нанҳәамзазтәи ахҭысқәа рзы Қырҭтәыла Урыстәыла иаднаҵо ахара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0