Урыстәылеи Еиду Аштатқәеи еилацәажәеит Москва ишаҳәаз еиԥш ДСНВ-3 аҿҳәара иацҵазарц

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Москве отменен режим самоизоляции
В Москве отменен режим самоизоляции  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
СНВ-3 азы аиқәшаҳаҭра аҿҳәара ацҵаразы аӡбара астратегиатә ҭышәынтәаларазы Америкеи Урыстәылеи инарҭбааны реилацәажәара аамҭа анаҭоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков.

АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik. Урыстәылеи Еиду Аштатқәеи еилацәажәеит ДСНВ-3 аҿҳәара иацҵазарц Урыстәыла аҭахрақәа инарықәыршәаны ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков.

"Ҳара ҳҭахрақәа инарықәыршәаны: хәышықәса ҿҳәарас иаҭаны уаҳа даҽа ҭагылазаашьак азгәамҭакәа, акы ацымҵакәа", - ҳәа иҳәеит Риабков ажурналистцәа аинтервиу рыҭо.

Уаанӡа Урыстәылеи Америкеи рхадацәа Владимир Путини Џьозеф Баидени ҭелла еицәажәеит. Аҩыџьагьы иазгәарҭеит СНВ аҿҳәара ацҵаразы аиқәшаҳаҭра хра аманы ишыҟоу. Аҩны Шкәакәа адыррақәа рыла Баидени Путини анапынҵақәа ҟарҵеит русзуҩцәа жәабран 5 рҟынӡа СНВ-3 аҿҳәара ацҵара ахьӡаразы аус руларц. Урыстәыла Аҳәынҭдума адыррақәа рыла, Владимир Путин Адумахь инаишьҭит Урыстәылеи Америкеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра азакәан апроект аратификациа азуразы. Аиқәшаҳаҭра СНВ-3 – мшаԥы 8, 2010 шықәса рзы Урыстәылеи Америкеи ирыбжьарҵаз еиқәшаҳаҭроуп, астратегиатә иадертә бџьар амазаара аицыркьаҿра иазырхоуп. Уи аҿҳәара нҵәараны иҟоуп жәабран 5 рзы. Уажәтәи адокумент инақәыршәаны даҽа хәышықәса, 2026 шықәса жәабран 5 рҟынӡа аҿҳәара иацҵахоит.

МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аахыҵ Кавказ ахҭысқәа рзы ЕСПЧ аӡбамҭа ахҳәаа азнауит Аԥсны ААР

Аиқәшаҳаҭра СНВ-3 (ДСНВ) раԥхьатәи анапаҵаҩра мҩаԥган 2011 шықәса жәабран 5 рзы.

Иара иазԥхьагәанаҭоит астратегиатә иадертә бџьар амазаара аицыркьаҿра, ԥхьаҟа атәылақәа рыҩба еицрымо аконтинентабжьаратә баллистикатә ракетақәа 700 иреиҳамзарц, аӡаҵаҟатә ӷбақәеи абомбакажьга ҳаирпланқәеи иныҟәырго абаллистикатә ракетақәагьы уи ахыԥхьаӡара еиҳамзарц, аҭырҟьаратә шьақәгылақәа ракәзар - 800 иреиҳамзарц.

Иахьазы СНВ-3 – Урыстәылеи Америкеи рыбжьара абџьар аԥкразы ирыбжьоу ари аиқәшаҳаҭра заҵәык ауп. Иара аҿҳәара нҵәоит 2021 шықәса жәабран 5 рзы.

Аҿҳәара иацҵамхар, адунеи аҿы иҟалом даҽа еиқәшаҳаҭрак аиадертә ҳәынҭқаррақәа рабџьар амазаара ԥызкуа.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵаҩын Урыстәыла уаанӡатәи ахада Дмитри Медведеви Барак Обамеи мшаԥы 8, 2010 шықәса рзы, Прага. Азинмчра аиуит жәабран 5, 2011 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0