Урыстәылаа COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵаразы рыҽҭарҩыр рылшоит Аҳәынҭмаҵзурақәа рпортал аҿы

© Sputnik / Максим Захаров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтарт вакцинации от коронавируса в ДНР и ЛНР
Старт вакцинации от коронавируса в ДНР и ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа "Спутник V" аҟаҵароуп макьана иалшо. Хара имгакәа аҩбатәи алаҵа "ЭпиВакКорона" аҟаҵарагьы ҟалоит.

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аҳәынҭмаҵзурақәа рпортал аҿы алаҵаҟаҵараз аҽҭаҩра аформа аԥшьгоуп. Ари аопциа Урыстәыла арегионқәа зегьы руааԥсыра рхы иадырхәар ҟалоит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ажьырныҳәа 18 инаркны амаҵзура атест-режим ала аус ауан, аха убри аан афункциақәа ишахәҭаз инанагӡон",- иҳәеит аԥыза-министр Михаил Мишустини ихаҭыԥуааи реилацәажәараҿы.

Мороз в Красноярске - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2021
Адунеи аҟны COVID-19 зцәа иалоу рхыԥхьаӡара 102 миллион еиҳауп

Чернышенко иажәақәа рыла ахархәаҩцәа рырманшәаларазы апортал адҟьа хадаҿы аҽа баннеркгьы цәырҵит, уи ахархәарала иаразнакы ирҭаху аҟәшахьы ииасыр ҟалоит.

"Ахархәаҩ изы адыррақәа аформа иҭагалахоит, аамҭеи амедицинатә еиҿкаареи алукаауеит апроцедура еиҳа амҩаԥгара азыманшәалахаразы", - иҳәеит иара.

Иалкаау амедицинатә усбарҭаҿы аҭаҩразы иҭацәу аслотқәа ыҟамзар, аԥшратә бӷьыц аҿы азыҳәа нужьыр ауеит.

Уажәазы акоронавирустә инфекциаҟынтә Гамалеиа ихьӡ зху Ацентр аҿы иҭрыжьыз алаҵа "Спутник V" аҟаҵароуп макьана иалшо. Ари адунеи аҿы раԥхьаӡатәи ашәҟәы иҭагалоу лаҵоуп акоронавирус аҟынтәи. Хара имгакәа аҩбатәи алаҵа "ЭпиВакКорона" аҟаҵарагьы ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0