АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Шәача Адлертәи араионтә ӡбарҭаҿ анаркотикқәа рконтрабандаз атәымтәылауаҩ быжьшықәса иқәырҵеит. Абри атәы аанацҳаит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ахаҵа зыԥсҟы икыз аидарамҩангага машьынаҿ ирбеит ззин ыҟам 66 капсула апрегабалин. Иара убасгьы идбалан аметадон.
Ахаҵа ихарахгара мҩаԥыслоит азеиԥш режим иатәу ариашаратә колониаҿ.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Иахьазы атәылақәа реиҳара жәларбжьаратә атуризм азы иаркуп. Адунеи аҿы хә-тәылак роуп атуристцәа рзы иаарту ҳәа азгәанаҭоит Адунеизегьтә туристтә еиҿкаара.
Жәабранмзазы 217 тәыла рҟынтәи 69 (32%) аҳәаанырцә туристцәа рыдыркылом. 73 тәыла (34%) рҳәаақәа хәҭала иаркуп. 70 тәыла (32%) атестқәа ма акарантин аҭахны ирыԥхьаӡоит.
Аиҿкаара адыррала атуристцәа ԥкырада ирыдыркылоит – Албаниа, Доминикантәи Ареспублика, Коста-Рика, Аҩадатәи Македониа, Танзаниа.
Апандемиеи уи иадҳәалаз аԥкрақәеи ирхырҟьаны атуристтә ныҟәарақәа 2019 шықәса иаҿырԥшны акыр илаҟәуп. Акризис ашәарҭара иҭанаргылеит атуризм аусхк аҟны 100 - 120 миллион усурҭатә ҭыԥ.
Аԥсныҟа атуристцәа раара алшоит Урыстәыла аҵакыраҟынтә. Убри аан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала ареспублика ралалара азин ыҟоуп Урыстәыла атәылауаа реиԥш егьырҭ атәылақәа рҟынтәгьы, заанаҵы аусбарҭа анкета хазырҭәаауа зегьы.
2021 шықәсазы Аԥсны миллионк инарзынаԥшуа атуристцәа ирзыԥшуп.
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Венесуела ахада Николас Мадурои иԥҳәыс Силиа Флореси акоронавирус аҟынтә урыстәылатәи ахыхьчагатә лаҵа ҟарҵеит, аанацҳауеит РИА Новости ахада Twitter иазхьаԥшны.
"Сыжәлар рҿаԥхьа исҳәаз сажәа насыгӡоит... Раԥхьатәи сдоза, алаҵа ҟасҵеит", - иҳәеит Мадуро.
"Иҭабуп" ҳәа ахиҳәааит урыс бызшәала.
Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" акоронавирустә инфекциаҟынтә ахьчара алзыршо акәны иҟоуп. Иара ашәҟәы иҭаргалахьеит адунеи 20 тәыла, Венесуелагьы налаҵаны.
Акоронавирус ахҽразы иҟарҵо алаҵа "Спутник V" аԥҵан Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз лаҵахеит, иаԥҵан ауаҩытәыҩса иаденовирустә вектор аплатформаҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәыԥк ахада Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцарц ааԥхьара ирҭеит.
Ааԥхьараҿы аветеранцәа иазгәарҭеит 2020 шықәсазтәи анапхгареиҭакреи уи ашьҭахьтәи алхрақәеи атәылаҿ аҭагылазаашьа шеиҭарымкыз, 2004 шықәса раахыстәи аполитикатә кризис еиҳагьы аҽшарҭбааз.
"Ақәԥара ахьӡала ақәԥара ҳарааԥсеит. Адәныҟатәи ашәарҭарақәа ракәӡам ҳазҿагылогьы, ҳара ҳара ҳаиҿагылоуп. Иахьа зегьы еилыркаахьеит иалху амҩа, аиаша уҳәозар амҩа аҟамзаара, хара имгакәа аҳәынҭқарра ацәыӡрахь ҳашкылнаго", - аҳәоит аԥшьгаратә гәыԥ ирыладырҵәаз ааԥхьара.
Аҳәынҭқарразы ишәарҭоу ахылҿиаақәа ралмыршаразы, амилаҭ ԥхьаҟатәи рыҿиараз аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵаразы аветеранцәа ааԥхьара руеит:
Аҩаша, хәажәкыра 9 рзы аветеранцәа атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьазы Аҟәа апресс-конференциа мҩаԥыргеит.