АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Авирусолог Георги Викулов НСН аефир аҟны еиҭеиҳәеит Урыстәыла акоронавирустә апандемиа анынҵәо ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аҟаза иазгәеиҭеит, миллионҩыла иахьынхо ақалақьқәеи, атәыла зегь аҟны иааидкылан аинфекциа ашьшьыҳәа иалаҵәоит ҳәа. Игәы иаанагоит, COVID-19 азы аҭагылазаашьа хәажәкырамзазы ишьақәтәоит ҳәа.
"Мшаԥы-лаҵарамзазы аинфекциа ацәырҵра маҷхоит, ҳазыгьежьуеит апандемиа аԥхьатәи аамҭа", - иҳәеит аҳақьым.
Викулов иҳәеит, макьана заауп аԥкрақәа рырмаҷра, избан акәзар атәыла ауааԥсыра реиҳараҩык алаҵа ҟарымҵацт, дара макьаназы аиммунитет рымаӡам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аҳәаанырцәтә електронтә ԥараҭрақәа ахсаалага "Мир" аҟынтәи рхарҭәаара ҟалом мшаԥымза 27 инаркны ҳәа аҩуеит РБК атехнологиатә биуллетень адыррақәа шьаҭас иганы.
"Агәыҩбара узҭаша аоперациақәа рзы иҟоу ашәара аԥырҟәҟәаара хықәкыс иганы аҳәаанырцәтә електронтә ԥараҭрақәа рҟынтә аоперациақәа рзин аанкылахоит", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Амилаҭтә ԥарашәаратә хеилак анапхгара аиҳабы Алма Обаева ишылҳәо ала, аелектронтә ԥараҭрақәа рхарҭәаараз аоперациақәа раанкылара аԥарашәаратә маҵзурақәа QIWI, ЮMoney (уаанӡатәи "Яндекс.Деньги") рҭоурых иеиԥшхар ҟалоит. 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Урыстәыла АХ мап ацәнакит Урыстәылантәи Ваҳәаанырцәтә интернет-дәқьанқәа рахь аԥара аиагара.
Обаева илҳәеит аԥхьаӡамҭақәа онлаин-казино, абукмекерцәа уҳәа иртәызар шауа.
Убри аан аекспертцәа ргәаанагарала "Мир" аҟынтәи аԥараиагара аҭбаара амамызт ахсаалага атәылақәа жәпакы рҿы амаҵзура ахьамамыз азы.
АҞӘА, жәабран 28-Sputnik. Сынтәатәи аҵарашықәс хзыркәшо аҵаҩцәа рзы аҳәынҭкарратә аттестациа аԥҟарақәа рԥсыҽуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аиҳабыра асаит азхьаԥшра аҭо.
Ари аӡбамҭа адкылара акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы иҟоу ашәара иахҟьеит ҳәа азгәаҭоуп.
Ажәбатәи акласс аҵаҩцәа азеиԥш ҵараиура аттестат роур рылшоит, ихымԥадатәи ҩ-ԥышәарак -а урыс бызшәеи аматематикеи анарҭалак ашьҭахь. Иалырхуаз амаҭәар (афизика, ахимиа, абиологиа, алитература, агеографиа, аҭоурых, атәым бызшәақәа, ахатәы бызшәеи алитературеи) рзы аԥышәарақәа арҭаӡом.
Ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭамло, ЕГЕ ацымхәрас иарҭоит аҳәынҭқарратә аушьҭратә ԥышәарақәа ҩ-маҭәарк рыла - аурыс бызшәеи аматематикеи.
Иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭало зегьы ЕГЕ арҭоит иахәҭоу амаҭәарқәа рыла. Иара убас, аԥышәарақәа арҭар рылшоит иаарласны зҵара хзыркәшарц зҭаху ажәабатәи акласс аҵаҩцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҭалара хәынтә имариахеит: изахьӡуи аҳәаанырцәуаа рзы асуперсервис
АҞӘА, хәажәкыра 2– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 208-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 19-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 34-ҩык, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 7-ҩык, ибжьаратәуп -19-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу жәаҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит ԥшьҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>