АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла COVID-19 азы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалеит ҳәа.
"Иахьа ҳара иаҳҳәар ҳалшоит атәылаҿы авирус алаҵәара лаҟәуа иалагеит, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоит ҳәа", - лҳәеит Голикова абрифинг аҿы.
Лара лажәақәа рыла атәылаҿы иазгәарҭоит COVID-19 здырбало рхыԥхьаӡара аиҵахара.
"Ииасыз амчыбжь азы 0,52% - 0,45% аиҵахара аҭыԥ аман. Иахьа ари арбага 0,4% аҟынӡа илеит", - лҳәеит лара.
COVID-19 алаҟәра азгәаҭоуп Урыстәыла арегионқәа 29 рҿы. Ажьырныҳәамзазы атәылаҿы аԥсыҭбарақәа 11% рыла еиҵахеит ԥхынҷкәынмзазы аасҭа ҳәа лҳәеит лара.
Аԥсны иахьатәи аамҭазы коронавирус змаз рхыԥхьаӡара 11800 инаӡеит. 10625-ҩык ргәы бзиахеит, рыԥсҭазаара иалҵит 181-ҩык.
АҞӘА, жәабран 28-Sputnik. Сынтәатәи аҵарашықәс хзыркәшо аҵаҩцәа рзы аҳәынҭкарратә аттестациа аԥҟарақәа рԥсыҽуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аиҳабыра асаит азхьаԥшра аҭо.
Ари аӡбамҭа адкылара акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы иҟоу ашәара иахҟьеит ҳәа азгәаҭоуп.
Ажәбатәи акласс аҵаҩцәа азеиԥш ҵараиура аттестат роур рылшоит, ихымԥадатәи ҩ-ԥышәарак -а урыс бызшәеи аматематикеи анарҭалак ашьҭахь. Иалырхуаз амаҭәар (афизика, ахимиа, абиологиа, алитература, агеографиа, аҭоурых, атәым бызшәақәа, ахатәы бызшәеи алитературеи) рзы аԥышәарақәа арҭаӡом.
Ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭамло, ЕГЕ ацымхәрас иарҭоит аҳәынҭқарратә аушьҭратә ԥышәарақәа ҩ-маҭәарк рыла - аурыс бызшәеи аматематикеи.
Иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭало зегьы ЕГЕ арҭоит иахәҭоу амаҭәарқәа рыла. Иара убас, аԥышәарақәа арҭар рылшоит иаарласны зҵара хзыркәшарц зҭаху ажәабатәи акласс аҵаҩцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҭалара хәынтә имариахеит: изахьӡуи аҳәаанырцәуаа рзы асуперсервис
АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Нигериа аҩада-мраҭашәаратәи аштат Замфара аҿы атеррористцәа азеиԥшынхарҭаҟынтәи 300-ҩык ашколӡӷабцәа мҵадырсит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ PM News адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
Атеррористцәа ақәылара руит ахәаша ауха, аиланхарҭа Джангебе абжьаратә школаҿы. Иҟоу адыррақәа рыладара ашкол ааигәара игылаз арратә пост иақәлеит, нас ашкол иажәлеит. Аӡӷабцәа ахыбра идәылыргеит асааҭ 02.00 (04.00 мск) рзы.
Аррамаҵзурауаа ажәылараан ахәрақәа роузар ҟалоит. Аҭыԥатәи ауаа аӡӷабцәа реиқәырхаразы аԥшаарақәа ирҿуп.
Ашкол адиректор агазеҭ Punch иазеиҭеиҳәеит ақәылаҩцәа аҵх рҽалакны машьыналеи амотациклқәа рылеи ишааз. Ақәылара ҟазҵаз рҟынтәи ԥыҭҩык атәыла ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа рцәамаҭәа ршәын.
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны аҿар еизгоу ркоманда Ростовтәи Аолимпиатә резерв аучилишье акоманда иаҵахеит амҽыша жәабран 28 рзы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
Ҭамаз Бжьаниа иааӡамҭацәа Аԥсни Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз разыҟаҵаҩ Александр Тумасиан иазыҟаиҵо акоманда иацыхәмаруан Шәача Аолимпиатә парк аҟны, иагьхыркәшахеит 2:1 ҳәа ростоваа риааирала.
Ахәмарра даҭааит Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбаз, иара Александр Тумасиан идиныҳәалеит "Ахьӡ-аԥша" аорден III аорден ахьианаршьаз, уи азы Аԥсны ахада аусԥҟа инапы аҵаиҩхьан жәабран 9 рзы.
"Сара сазыҟаҵаҩ Александр Тумасиан аорден ахьианаршьаз идсныҳәалоит. Ари ауаҩ еснагь аԥснытәи аспортсменцәа илаԥш рхуп, ҳтәылаҿы аспорт арҿиара, аларҵәара дацхраауеит. Сынтәа иара ибзоураны аԥснытәи ашьапылампыласцәа қәыԥшқәа ааҩык Ростовтәи аолимпиатә резерв иаҵанакуа атәылаҿацәтә училишье иҭалеит. Иара гәыла-ԥсыла аспорт даласоуп, ианаауҭаххалак зегь рыла дувагылоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ашьапылампыл азы Аԥсны аҿар ркоманда аҵара-ҽазыҟаҵаратә еизгарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны уаанӡа иацыхәмаруан шәачатәи акоманда "Медик", урҭ ирыҵахеит 4:0 ҳәа. Анаҩс ирыцыхәмарит аклуб "Шәача", аԥснытәи акоманда ари ахәмарраан иаиааит 4:2 ҳәа. Анаҩс, ҳкоманда астрахантәи "Волгарь" адубль иацыхәмарит, ара "Волгарь" аиааит 4:1 ҳәа.