АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Адунеи аҿы COVID-19 змоу ачымазцәа рхыԥхьаӡара хәымчыбжь ирықәуп илаҟәуеижьҭеи ҳәа иҳәеит абрифинг аҿы Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара адиректор хада Тедрос Адханом Гебреиесус. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Адунеи аҿы COVID-19 змоу ачымазцәа рхыԥхьаӡара хәымчыбжь ирықәуп илаҟәуеижьҭеи. Ииасыз амчыбжь азы жьҭаарамзаахыс раԥхьаӡа акәны еиҳа илаҟәит", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла, арҭ ахәымчыбжь рыла амчыбжь аҩныуҵҟа ашәҟәы иҭаргало ачымазцәа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҵахеит.
Акоронавирус адунеи аҿы ирыдырбалахьеит 108 миллионҩык ауааԥсыра, 2,4 миллионҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.
Аиҳарак аԥсыҭбарақәа ыҟоуп Еиду Америкатәи аштатқәа (ЕАА), Индиа, Бразилиа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Агәабзиарахьчаратә еиҿкаараҿы ирҳәеит акоронавирус зыхҟьаз ҳәа еиҳа зыгәра рго аверсиа
АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Нигериа аҩада-мраҭашәаратәи аштат Замфара аҿы атеррористцәа азеиԥшынхарҭаҟынтәи 300-ҩык ашколӡӷабцәа мҵадырсит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ PM News адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
Атеррористцәа ақәылара руит ахәаша ауха, аиланхарҭа Джангебе абжьаратә школаҿы. Иҟоу адыррақәа рыладара ашкол ааигәара игылаз арратә пост иақәлеит, нас ашкол иажәлеит. Аӡӷабцәа ахыбра идәылыргеит асааҭ 02.00 (04.00 мск) рзы.
Аррамаҵзурауаа ажәылараан ахәрақәа роузар ҟалоит. Аҭыԥатәи ауаа аӡӷабцәа реиқәырхаразы аԥшаарақәа ирҿуп.
Ашкол адиректор агазеҭ Punch иазеиҭеиҳәеит ақәылаҩцәа аҵх рҽалакны машьыналеи амотациклқәа рылеи ишааз. Ақәылара ҟазҵаз рҟынтәи ԥыҭҩык атәыла ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа рцәамаҭәа ршәын.
АҞӘА, жәабран 26- Sputnik. Урыстәыла аепидемпроцесс ахысраан алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит, адунеи атәылақәа жәпакы иреиӷьуп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Роспотребнадзор аиҳабы Анна Попова. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Апандемиаамҭаан Урыстәыла аепидемиатә процесс ахысраан алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит, адунеи атәылақәа жәпакы иреиӷьуп. Уи ҳҵарауааи ҳапрактикцәеи роуп изџьушьаша", - лҳәеит Попова Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаараҿы иаартыз ацәыргақәҵаҿ.
Роспотребнадзор аиҳабы лгәаанаграла Урыстәыла акоронавирус аҟынтәи алаҵақәа хԥа рыла алаҵаҟаҵара алыршара ԥыжәара дуӡӡоуп, игәадуроуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Ҳраион аҟны 20 қыҭа ыҟоуп, ашьамаҟа хыԥхьаӡарала иугозар 45 нызқь рҟынӡа инаӡоит. Ачымазара бааԥсқәа узыцәшәаша ҳәа макьана акгьы ҳамам. Арахә ачымазара рыламҽырц ҳазҿу аусурақәа ыҟоуп, аха ҳазхьымӡогьы рацәоуп. Сара аусураҟны аҳақьым дсымаӡам. Афельдшер аӡәы апрактика дахысуеит, аӡәы еилзырго лоуп акәымзар, аҳақьым ҳара ҳҟны дааиӡом ауалафахәы амаҷра иахҟьаны. Ачымазарақәа рҟынтәи ахшәқәа ааҳгоит, ҳамч ахьынӡарықәхо. Араион аҟынтәигьы ацхыраара ҟарҵоит, аха уи жәаџьара ишаны хәҭак. Абиуџьет уажәы еиҵартәеит, 80 нызқь мааҭ шықәсык ҳәа иԥхьаӡан. Хык 350 мааҭ ақәӡоит иҟауҵозар (ахәшә). 45 нызқь хы арахә ахьыҟоу, ажәқәа мацара аагозар, хәҭак хыџьара- ԥшьыџьара ишаны иҟалоит. Ачымазара рыхьаанӡа апрофилактика аҳасабала алаҵа ҟауҵароуп", - иҳәеит Гыцба.
Шәазыӡырҩы аудио.