АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Асовет актиор Андреи Миагков 82 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Чехов ихьӡ зху МХТ апресс-маҵзура адырра ашьаҭала.
Атеатри акинои рактиор, арежиссиор, РСФСР жәлар рартист Андреи Миагков диит ԥхынгәы 8, 1938 шықәса рзы, Санкт-Петербург.
Актиор деицырдыруа дҟалеит Ельдар Риазанов ифильм "Ирония судьбы, или С легким паром!" ашьҭахь, 1975 шықәсазы. Миагков иара убасгьы далкааны дыргәалашәоит Новосельцев ироль ала Риазанов икомедиа "Служебный роман" (1977) аҿы.
Актиор аҵыхәтәантәи иусумҭақәа иреиуоуп: аҳ ироль ("Сказе про Федота-Стрельца", 2001 год), "32-е декабря", "Ирония судьбы. Продолжение" (Тимур Бекмамбетов), асериал "Туман рассеивается" (Евгени Герасимов).
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аҳәаанырцәтә електронтә ԥараҭрақәа ахсаалага "Мир" аҟынтәи рхарҭәаара ҟалом мшаԥымза 27 инаркны ҳәа аҩуеит РБК атехнологиатә биуллетень адыррақәа шьаҭас иганы.
"Агәыҩбара узҭаша аоперациақәа рзы иҟоу ашәара аԥырҟәҟәаара хықәкыс иганы аҳәаанырцәтә електронтә ԥараҭрақәа рҟынтә аоперациақәа рзин аанкылахоит", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Амилаҭтә ԥарашәаратә хеилак анапхгара аиҳабы Алма Обаева ишылҳәо ала, аелектронтә ԥараҭрақәа рхарҭәаараз аоперациақәа раанкылара аԥарашәаратә маҵзурақәа QIWI, ЮMoney (уаанӡатәи "Яндекс.Деньги") рҭоурых иеиԥшхар ҟалоит. 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Урыстәыла АХ мап ацәнакит Урыстәылантәи Ваҳәаанырцәтә интернет-дәқьанқәа рахь аԥара аиагара.
Обаева илҳәеит аԥхьаӡамҭақәа онлаин-казино, абукмекерцәа уҳәа иртәызар шауа.
Убри аан аекспертцәа ргәаанагарала "Мир" аҟынтәи аԥараиагара аҭбаара амамызт ахсаалага атәылақәа жәпакы рҿы амаҵзура ахьамамыз азы.
АҞӘА, жәабран 28-Sputnik. Сынтәатәи аҵарашықәс хзыркәшо аҵаҩцәа рзы аҳәынҭкарратә аттестациа аԥҟарақәа рԥсыҽуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аиҳабыра асаит азхьаԥшра аҭо.
Ари аӡбамҭа адкылара акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы иҟоу ашәара иахҟьеит ҳәа азгәаҭоуп.
Ажәбатәи акласс аҵаҩцәа азеиԥш ҵараиура аттестат роур рылшоит, ихымԥадатәи ҩ-ԥышәарак -а урыс бызшәеи аматематикеи анарҭалак ашьҭахь. Иалырхуаз амаҭәар (афизика, ахимиа, абиологиа, алитература, агеографиа, аҭоурых, атәым бызшәақәа, ахатәы бызшәеи алитературеи) рзы аԥышәарақәа арҭаӡом.
Ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭамло, ЕГЕ ацымхәрас иарҭоит аҳәынҭқарратә аушьҭратә ԥышәарақәа ҩ-маҭәарк рыла - аурыс бызшәеи аматематикеи.
Иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭало зегьы ЕГЕ арҭоит иахәҭоу амаҭәарқәа рыла. Иара убас, аԥышәарақәа арҭар рылшоит иаарласны зҵара хзыркәшарц зҭаху ажәабатәи акласс аҵаҩцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҭалара хәынтә имариахеит: изахьӡуи аҳәаанырцәуаа рзы асуперсервис
АҞӘА, хәажәкыра 2– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 208-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 19-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 34-ҩык, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 7-ҩык, ибжьаратәуп -19-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу жәаҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит ԥшьҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>