Путини Ердогани Шьамтәыла атеррористцәа рҿагылашьа иалацәажәеит

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссия и Турция провели совместное патрулирование в Сирии
Россия и Турция провели совместное патрулирование в Сирии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқаррақәа аҩба рхадацәа ирҳәеит ԥхьаҟагьы аполитикатә процесс адгылара шарҭо, "астанатәи аформат" аформагьы абрахь иналаҵаны.

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Владимир Путини Реџьеп Таип Ердогани ҭелла реицәажәараан ирҳәеит Шьамтәыла зҽышьҭакны иҟоу атеррористцәа ирҿагыланы ақәԥара ишацәхьамҵуа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Кремль апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Владимир Путини Реџьеп Таип Ердогани ҭелла аицәажәара рыман. Иалацәажәеит шьамтәылатәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара атематика. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа ирҳәеит  Шьамтәыла, Идлиб апровинциаҿы зҽышьҭакны иҟоу атеррористцәа ирҿагыланы ақәԥара ишацәхьамҵуа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳәынҭқаррақәа рыҩба рхадацәа ирҳәеит ԥхьаҟагьы аполитикатә процесс адгылара шарҭо, "астанатәи аформат" аформагьы абрахь иналаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0