120 миллион шәҭы Урыстәылаҟа инашьҭуп жәабран 15 раахыс

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота Смоленского таможенного поста ФТС России
Работа Смоленского таможенного поста ФТС России - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҳәса рымшныҳәа аламҭалаз Урыстәылаҟа иаларгалоит ашәҭқәа рацәаны. Аиҳарак Нидерландқәеи Еквадори рҟынтә.

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. 120 миллион шәҭы Урыстәылаҟа иаашьҭуп жәабран 15 инаркны хәажәкыра 3 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура.

Иарбоу аамҭазы Урыстәыла адекларациатә електронтә центрқәа ашәҟәы иҭаргалеит 9,15 нызқь тонна ашәҭ. Уи 2020 шықәсазы аасҭа ҩынтә еиҳауп (4259 тонн), 1,7 рыла еиҳауп 2019 шықәсазы (5271 тонн) аасҭа.

Уаанӡеиԥш сынтәагьы аекспортиор хадацәа ҳәа ишьоуп Нидерландқәеи Еквадори, иара убасгьы Кениеи Колумбиеи.

Аԥсны аҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла, иахьазы 250 тонна 19 кьыла амимоза Аԥснынтәи иалыргахьеит. Ҵыԥх аасҭа ари арбага 50% рыла еиҳауп.

2020 шықәса абри аамҭазы 138 тонна 998 кьыла амимоза аҳәаа иахыган, 2019 шықәсазы – 175 тонна 22 кьыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0