Карлов ишьразы Ҭырқәтәыла азыӡба рыдыркылеит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие мемориальной доски Андрею Карлову в Москве
Открытие мемориальной доски Андрею Карлову в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟаз Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов иеихсны дыршьит ԥхынҷкәын 19, 2016 шықәса рзы, Анкара афотоцәыргақәҵа "Урыстәыла Калининград инаркны Камчатканӡа аныҟәаҩ иблала" аартраан.

АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Ацәгьоура хьанҭақәа русҭҵаара знапы иану Анкаратәи аҩбатәи аӡбарҭа  азыӡба аднакылеит Ҭырқәтәыла иҟаз Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов ишьразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

28-ҩык ахара зхарарҵо рҟынтәи хәҩык рыԥсы ахьынӡаҭоу ҭакрыла ирхыргароуп, хҩык Карлов ишьра хаҭала иалахәуп ҳәа азыршьеит.

Ахара рыдҵоуп Ҭырқәтәыла аинформациатә технологиақәеи аимадарқәеи рзы Аусбарҭа уаанӡатәи аусзуҩцәа Шахин Сиогиут (адипломат иҭархара акуратор), Хусеин Киотиуџье, ҭырқәтәылатәи аполициа уаанӡатәи аусзуҩцәа Ахмет Кылычарслан, Салих Иылмаз, Амилаҭтә ԥшыхәратә еиҿкаара (MIТ) Урыстәыла аус ацуразы аҟәша уаанӡатәи аиҳабы Вехби Киуршад Акалын.

Жәҩык 5-15 шықәса ҭакрыла ирхыргароуп, хәҩык рхара рхыхуп. Жәҩык ацәгьоуцәа макьанагьы рыԥшаара иаҿуп.

Ахьчаҩцәа арҭ азыӡбақәа ирхашшаараны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0