"Япончик" ишьразы аус аӡбарҭахь инашьҭуп

CC0 / / Суд
Суд - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаа ҩыџьа жәларбжьаратәи ашьҭазаара рымоуп Виачеслав Иваньков - "Япончик" ишьра иалахәын ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Урыстәыла Апрокуратура хада аӡбарҭахь инанашьҭит акриминалтә авторитет Виачеслав Иваньков (Япончик) ишьразы аус. Абри азы ахәашаҽны адырра ҟаҵан.

"Ишьақәырӷәӷәоуп акриминалтә авторитет Виачеслав Иваньков (Япончик) дыршьит, иара убасгьы закәаншьаҭада абџьар аикәыршара иалахәын ҳәа ахара здырҵо Кахи Газзаев, Мурҭаз Шьаданиа, Џьамбул Џьанашьиа рганахьала ашьаус ахарадҵаратә хыркәшара. Аус аӡбарҭахь инашьҭуп", - ҳәа аҳәоит арелиз.

Генеральная прокуратура - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2021
Аԥсны Апрокуратура хада Урыстәылантәи азыҳәа азаарышьҭит "Япончик" иус аганахь ала

Аусҭҵаара аверсиала 2009 шықәса мшаԥымзазы, уаанӡа зус рыӡбхьаз Подмосковие инхо Илиа Симониа ацәгьоуратә еилазаараҿы аҭыԥҷыда ааникыларазы Иваньков ишьра еиҿикааит. Абри аус иадиԥхьалеит Газзаев, Шьаданиа, Џьанашьиа, Нугзар Папаа, Асҭамыр Быҭәба.

Симониа инапынҵала 2009 шықәса ԥхынгәы 28 рзы Газзаев, Џьанашьиа, Шьаданиа, Папаа, Быҭәба неит Москва, Хорошевское шоссе аҿы иҟоу аресторан "Тайский слон" ахь Иваньков ишьклаԥшразы. Иара убри аҽны Быҭәба "Газель" акузов аҟынтәи винтовкала Иваньков диеихсит. Япончик иоуз ахәрақәа рҟынтәи жьҭаара 9 рзы иԥсҭазаара далҵит ахәышәтәырҭаҿы.

Газзаев, Џьанашьиа, Шьаданиа аанкылоуп. Симониа, Папаа, Быҭәба бналеит, жәларбжьаратәи рышьҭазаара рылаҳәоуп.

Уаанӡа Аԥсны Апрокуратура хада Урыстәылантәи ацхыраараҟаҵаразы азыҳәа азаарышьҭит "Япончик" ҳәа хьыӡшьараны измаз аӷьыч Виачеслав Иваньков иус аганахьала ҳәа адырра ҟанаҵеит.

Иаиуз азыҳәа инақәыршәаны Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә ҟәша аусҭҵааратәии апроцессуалтәи уснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.

Стефан Баллиет, обвиняемый в застреле двух человек после попытки штурма синагоги в Галле-ан-дер-Заале, восточная Германия, носит наручники, когда прибывает в район на начало 26-го дня судебного заседания 21 декабря 2020 г - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2021
Аԥсны атәылауаа ҩыџьа жәларбжьаратә шьҭазаара рымоуп "Япончик" ишьра иалахәын ҳәа

Аусбарҭа апресс-маҵзура иазгәанаҭоит Урыстәыла Апрокуратура хада азыҳәаҿы ишазԥхьагәанамҭо Аԥсны атәылауаа Быҭәбеи Папааи роура, Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны ареспублика атәылауаа аҳәаанырцә ҳәынҭқарра аҭара азин ахьыҟам азы.

Убри аан Аԥсны АЗ инақәыршәаны, Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра ҵаҵӷәыс иҟаҵаны арҭ ахаҿқәа иахәҭоу ашьаустә материалқәа роураан рус аӡбара алшоит.

Нугзар Папаа иара убасгьы Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәуп ҳәа ахара идырҵоит. Абри азы ашьаустә материалқәа Аҟәа араионтә ӡбарҭа еилнаргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0