"Спутник V" ацәеижь иахьынӡалазаауа атәы иалацәажәеит

© Sputnik / Густаво Вальенте / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от коронавируса в Испании
Вакцинация от коронавируса в Испании - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ахархәараз ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит адунеи атәылақәа 40 рҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аус адызулоз ргәаанагарала, алаҵа ацәеижь аҿы иҟазаауеит ҩышықәса рҟынӡа ҳәа иҳәеит "Соловьев Live" аефир аҿы Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аиҳабы Александр Гинцбург. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит алаҵа зықәрақәа еиԥшым апациентцәа зегьы рҿы ахы бзианы ишаанарԥшыз.

"91,6 процент рҟны ацәеижьҿагыла атитр аҳаракыра иахьмырԥшкәа аҿкы уацәахьчоит, 100 процентк рҟны ачымазара ахьанҭара ланарҟәуеит", - иҳәеит аҵарауаҩ.

Гинцбург акоронавирус зхызгахьоу рахь ааԥхьара ҟаиҵеит рцәеижьҿагыла ахьынӡаҳараку гәарҭаларц, илаҟәызар – алаҵа ҟарҵаларц.

Производство компании BIOCAD в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2021
Алаҵа "Спутник V" ҩымчыбжь рыҩныҵҟа 25 тәыла рҿы ашәҟәы иҭаргалоит

Иара убасгьы акьыбачымазара змоу рзы алаҵаҟаҵара ҟалом ҳәа иҟоу аинформациа иашам ҳәа ахиҳәааит. Убри аан иара иҳәеит алаҵа арҭ ачымазцәа ԥырхага рнаҭом, аха ирыхәарҭангьы изыҟалом ахимиотерапиа иахьахысуа азы ҳәа.

Аҵарауаҩ ишиҳәо ала, аҟазауаа акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара рабжьыргом аллергиа змоу, иаҳҳәап Квинке ичыра, иара агәыҿкааратә ааха (анафилактикатә шок) змоу.

Акоронавирус ахҽразы иҟарҵо алаҵа "Спутник V" аԥҵан Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз лаҵахеит, иаԥҵан ауаҩытәыҩса иаденовирустә вектор аплатформаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0