АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Акоронавирус аладаафрикатәи аштамм Урыстәыла иазгәаҭоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Роспотребнадзор асаит.
Убри аан атәылаҿ макьана бразилиатәи аштамм ахабар рымбацт.
"Британиатәи авариант иатәу 28 изолиат, аладаафрикатәи авариант иатәу ҩ-изолиатк аарԥшуп, Бразилиатәи авариант макьаназ аӡәгьы идбалам", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
16 хҭыс рҿы егьырҭ аиҭакрақәа азгәаҭоуп.
ВОЗ адыррақәа рыла 111 тәыла рҿы ашәҟәы иҭагалоуп британиатәи авирус авариант, 58 тәыла рҿы – аладаафрикатәи авариант.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Италиа алаҵа иацәымшәо акоронавирус аштамм рбеит
"Британиатәи" COVID аштамм аазырԥшуа адунеи аҿы раԥхьатәи атест-система ҭарҩит Урыстәыла
Акоронавирус аладаафрикатәи аштамм Европа атәылақәа 19 рҿы иаарԥшуп
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин коронавирус аҟынтәи ҩ-фазактәи алаҵа актәи адоза аныҟаиҵа ашьҭахь хымчыбжь ҵуаны аҩбатәи адозагьы ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Аҳәамҭа ҟасҵар сҭахуп абрахь санааиуаз аламҭалазы аҩбатәи алаҵа шыҟасҵаз азы. Сгәыӷуеит зегь маншәалахап ҳәа. Агәыӷра акәым, агәрагара сымоуп", - иҳәеит иара РГО апрезидиум аҿы.
Путин акамерақәа рыда алаҵа ҟаиҵеит, ус иаҭахны иԥхьаӡеит.
Ахада иара убасгьы иҟаиҵаз алаҵа ахьӡ имҳәеит, уи здырырц зыхәҭоу аҳақьым заҵәык иоуп ҳәа азыԥхьаӡаны.
Иахьазы Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоуп аҭыԥан иҟаҵоу акоронавирус аҟынтәи алаҵақәа хԥа: "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак".
Дара зегьы ҩ-компонентны ишьақәгылоуп. "Спутник V" аҩбатәи алаҵа ҟарҵоит хымчыбжь рышьҭахь. Иара убас ауп ишыҟарҵо "ЭпиВакКорона", алаҵа "КовиВак" ҩ-мчыбжьа бжьаҵаны алаҵақәа ҟарҵоит.
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Кремль Урыстәыла асанкциақәа ирхырҟьаны Visa, Mastercard ирҿыргар ҟалоит ҳәа рҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иганы.
"Иаахҵәаны иаҳҳәар ҳалшоит Урыстәыла аганахь ала еиуеиԥшым аформақәа рыла аԥкырақәа шымҩаԥырго иакымкәа иҩбамкәа аҳәынҭқаррақәа. Арҭ аԥкырақәа иазыԥхьагәоуҭаша ракәым. Убри азы абри апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, зны-зынла ҳганахь ала агәаӷҵәҟьа ахьаадырԥшуа инадҳәаланы иҟаларызеи уҳәартә иҟам", - иҳәеит иара Урыстәыла асанкциақәа ирхырҟьаны Visa, Mastercard ирҿыргар ҟалома ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс.
Уаанӡа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵахьан Урыстәыла маҷ-маҷ асанкциатә цәшәарақәа еиҵатәлатәлароуп адоллар иашьашәалоу амилаҭтәи альтернативатәи валиутақәа рыла ҳәа.
"Мраҭашәара хылаԥшра знаҭо жәларбжьаратәи аԥарашәаратә системақәа аҽрыцәхьакра рҭахуп", - иҳәеит адипломат адоллар акәымкәа амилаҭтә валиутақәа рахь аиасра шахәҭо азгәаҭо.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысит мшаԥы 11 рзы.
"Адепутатрахь иқәгылаз акандидатцәа ҩажәаҩык рахьынтә 15-ҩык алхын. Иманшәаланы еилагарада имҩаԥысит алхрақәа. 5196- ҩык ашәҟәы иҭагалаз алхыҩцәа рҟынтәи 2052 -ҩык алхрақәа рхы рыладырхәит. Уи аԥхьа иҟаз ас еиԥш алхрақәеи дареи еиҿурԥшуазар, усҟан 2800-ҩык ыҟан алхыҩцәа. Актәи аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп иааиуа ашәахьаҽны мшаԥы 19 рзы. 15-ҩык адепутатцәа рахьынтә ҩыџьа аҳәса ыҟоуп. Уи аԥхьа иҟаз адепутатцәа рахьынтә ҩыџьа ықәгылан, руаӡәк ҩаԥхьа далырхит, уи Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аиҳабы Лали Гаргәылиа лоуп", - лҳәеит Ажьиԥҳа.
Ажьиԥҳа лгәаанагара лҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь инеиуа адепутатцәа зеиԥшразар акәу.