Урыстәыла иҟоу 183-ҩык арратә атташецәа алаҵа "Спутник V" ҟарҵеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовые мобильные бригады вакцинации от COVID-19 в Москве
Новые мобильные бригады вакцинации от COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Анапаҵаҩра
"Спутник V" – адунеи аҟны ираԥхьатәиу коронавирустә лаҵоуп. Иара ахархәара иақәшаҳаҭхахьеит 50 тәыла.

АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. ИАР, Азиа, Африка, Европа, Латинтәи Америка ртәылақәа 34 рырратә атташецәа алаҵа "Спутник V" ҟарҵеит Урыстәыла ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

В Казахстане началось производство вакцины Sputnik V - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Германиа "Спутник V" ибзиоу лаҵоуп ҳәа ахнаҳәааит

"ИАР, Азиа, Африка, Европа, Латинтәи Америка ртәылақәа 34 рҟынтәи 183 ҳәаанырцәтә атташе хатәгәаԥхарала алаҵаҟаҵара рхы аладырхәит, урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ҟарҵеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭа ишазгәанаҭо ала апроцедура аԥхьа дара зегьы ршоура шәан, аҿкчымазара аҟазшьақәа рынбалара гәаҭан. Алаҵа ҟарҵеит уаанӡа коронавирус змыхьцыз, алаҵаҟаҵаразы ԥынгыла змамыз.

"Спутник V" иахьазы ахархәара иақәшаҳаҭхахьеит 50 тәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0