Қәрала жәаха шықәса иреиҵоу рзы Instagram аԥҵахоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПриложение для обмена фотографиями и видеозаписями с элементами социальной сети Instagram в телефоне.
Приложение для обмена фотографиями и видеозаписями с элементами социальной сети Instagram в телефоне. - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Анапаҵаҩра
Амаҵзурақәа Messenger, WhatsApp, Instagram 2004 шықәсазы 19 шықәса зхыҵуаз америкатәи астудент Марк Цукерберг иаԥиҵаз асоциалтә ҳа Facebook иатәуп. Аилахәыра аштаб-квартира Менло-Парк (Калифорниа) иҟоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Адунеи аҿы зегь иреиҳау асоциалтә ҳа Facebook Instagram аҿы афотосахьақәа реимдаразы 13 шықәса иреиҵбу ахәыҷқәа рзы аверсиа аус аднаулоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Блумберг адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Ацҵа ҿыц азы аҳәамҭа ҟаҵан аилахәыра аҩнуҵҟа аԥшьашаҽны, аха иара макьана аусура иаламгацт", - ҳәа аҩуеит амаҵзура.

"Ахәыҷқәа рҭаацәа ирыҳәоит рҩызцәа рыҽрымардарц алзыршо ацҵазы. Убри инадҳәаланы иҳаӡбеит Messenger Kids аиԥш ацҵа ҿыц аус адулара. Ҳгәы иҭоуп Instagram аҿы аҭаацәа ахылаԥшра зырҭалаша, ахәыҷқәа реинырра иахәо, ринтересқәа рҭакқәа ахьырыԥшааша асистема алагалара", - ҳәа Facebook ахаҭарнак Џьо Осборн (Joe Osborne) иажәақәа аанагоит амаҵзура.

Messenger Kids - Facebook аҿы ақәыԥшцәа реинырра иазырхоуп. Ацҵа аҭаацәа ахылаԥшра арҭартә еиҿкаауп, аха уаанӡа агхақәа аманы иҟан, ақәыԥшцәагьы рҭаацәа ирзымдыруа ауаа ирнырыр анрылшоз ыҟан. Ари ацәажәара ду ахылҿиааит ахәыҷқәа иахәҭоу ахьчара ахьалмыршаз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0