Урыстәыла Абанк хада ишьақәнарӷәӷәеит 100 мааҭк ицо абанкнота аескиз

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота Пенсионного фонда РФ в Чите
Работа Пенсионного фонда РФ в Чите - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
Анапаҵаҩра
2025 шықәсанӡа Абанк хада иҭнажьраны иҟоуп еиҳа ихьчоу, адизаин ҿыц змоу абанкнотақәа.

АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Урыстәыла Абанк хада ишьақәнарӷәӷәеит 100 мааҭк ицо абанкнота аескиз – Москва, Ашҭа ҟаԥшь, "Зарядье", Шуховтәи абаа, МГУ ахыбра хада символс ианҵаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости абанк ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Алексеев иҳәамҭа ҵаҵӷәыс иганы.

Встреча глав МИД РФ и Армении С. Лаврова и З. Мнацаканяна - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Лавров мраҭашәаратәи аԥарашәаратә система рҽацәхьаркырц ааԥхьара ҟаиҵеит

"Урыстәыла Абанк Адиректорцәа рхеилак ишьақәнарӷәӷәеит 100 мааҭк ицо абанкнота аескиз – Москва, Ашҭа ҟаԥшь, "Зарядье", Шуховтәи абаа, МГУ ахыбра хада символс ианҵаны", - ҳәа Алексеев иажәақәа аанагоит Абанк хада апресс-маҵзура.

Уаанӡа Алексеев аҳәамҭа ҟаиҵахьан 2025 шықәсазы ишазԥхьагәаҭоуп ахьчара ҳараки адизаин ҿыци змоу абанкнотақәа рҭыжьра. Абанкнотақәа рҿы иара убасгьы иарбахоит Урыстәыла Афедералтә округ аҭыԥ ԥшӡарақәа зегьы.

2022 шықәсазы 100 мааҭк иҟоу абанкнотақәа ҭыжьхоит, 2023 шықәсазы – 1000; 5000 мааҭ, 2024 шықәсазы - 500 мааҭ, 2025 шықәсазы – 10; 50 мааҭ.

Абанкнотақәа зноминал 50, 100 мааҭк иҟоу рҿы Санкт-Петербурги Москвеи рсахьа аанхоит аԥхьатәи аган аҿы, ашьҭахьтәи аган аҿы иаанхоит Аҩада-Мраҭашәаратәии Ацентртәии федералтә округқәа рсахьа. Абанкнотақәа зноминал 10, 500, 1000, 5000 мааҭ иҟоу аԥхьатәи аганаҿ Новосибирск, Пиатигорск, Нижни Новгород, Екатеринбург рсахьа анылоит, ашьҭахьтәи аган аҿы Сибиратәи, Аҩада-Кавказтәи, Приволжиатәи, Уралтәи афедералтә округқәа рсахьақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0