Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалеит алаҵа ҿыц "Спутник Лайт"

© Foto / Пресс-служба НИИ эпидемиологии и микробиологии им. Н.Ф. Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Спутник Лайт" вакцина от COVID-19
Спутник Лайт вакцина от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2021
Анапаҵаҩра
Алаҵа "Спутник Лайт" ҩ-фазакны иҟоу алаҵа "Спутник V" еиҳа иԥсыҽу авариант ауп, аклиникатә ҭҵаарақәа қәҿиарала ихыркәшахеит хәажәкыра 22 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа ҿыц "Спутник Лайт", Н.Ф. Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рмилаҭтә ҭҵааратә центр аҿы аус зыдулаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Алаҵа хәажәкыра 29 рзы ахәшәқәа рсиа иаларҵеит.

В России зарегистрирована вакцина КовиВак от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2021
COVID-19 аҟынтәи урыстәылатәи ахԥатәи алаҵа ахәԥса аӡбахә рҳәеит

"Хара имгакәа Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аексперттә еиҿкаара иара ахаҭабзиара аекспертиза ахнагараны иҟоуп. Уи ашьҭахь иахәҭаны ишьахо аӡбра рыдыркылоит", - иҳәоит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алексеи Кузнецов.

Аинвистициақәа урыстәылатәи Рфонд ахада Кирилл Дмитриев иҳәеит "Спутник Лайт" аиҳарак анҭыҵтәи аџьармыкьақәа ишырзырхо, аиҳарак аепидемиатә уадаҩрақәа ахьыҟоу. Урыстәыла аҩныҵҟа ахархәара аҭоуп ҩ-хкыктәи "Спутник V".

Гамалеи ицентр адиректор Александр Гинцбург иҳәоит "лайт-версиа" аҳәаанырцә атәылақәа рҿы ахархәара ачымазара акыр ихнаҽуеит ҳәа.

Гинцбург иазгәеиҭеит "Спутник V" авариант еиҳа ахәԥса шеиҵоу, аҭыжьреи ахархәареи еиҳа ишымариоу. Ари алаҵа аверсиа аҿҳәара еиҳа еиҵоуп, еиҳагьы хра маҷны иамоуп аха аепидемиа аамҭақәа раан ахархәара аҭбаарала еиҳа иманшәалоуп.

"Спутник Лайт" ала алаҵаҟаҵара ашьҭахь аиммунитет 4-5 мзы цәшәара амам, ашәарҭадарагьы 85% иҟоуп. Асхема лаҵак ауп иазыԥхьагәанаҭо. Убри аан алаҵа ззыҟаҵоу коронавирус ихьыргьы ичымазара изшәарҭахаӡом избанзар авирус ирыԥҳақәа рахь илбааӡом.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0