Урыстәыла аԥарашәаратә система SWIFT альтернатива цәырҵыр ҟалоит

© AFP 2023 / JACQUES COLLETНа иллюстрации изображен логотип SWIFT в их штаб-квартире в Брюсселе
На иллюстрации изображен логотип SWIFT в их штаб-квартире в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2021
Анапаҵаҩра
SWIFT – жәларбжьаратәи банкбжьаратә системоуп аԥарашәареи аинформациа анашьҭреи рзы. Иара иаднакылоит 200 тәыла рҟны 11 нызқь еиҿкаара ду.

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Урыстәыла аԥарашәаратә система SWIFT альтернатива цәырҵыр ҟалоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Панкин РИА Новости аинтервиу аҭо.

"Ацифратә валиутақәеи блокчеинқәеи рыҿиара ццакы уахәаԥшуазар, еилукаауеит жәларбжьаратә ԥарашәарақәа рзы иҿыцӡоу атехнологиатә шьаҭа змоу абаза аҟалара шалшо", - иҳәеит иара.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла альтернативтә SWIFT-системақәа рцәырҵра иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьа мацаракәым изҿырԥшу, уи ҭакны иҟоуп аԥарашәаратә методқәа рырҿыцра ԥсыхәа амамкәа аҟалара иахьаҿу азы.

Аекономист, апрофессор Игор Вариаш иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи адунеи аҟны жәларбжьаратәи ԥаратәԥхьаӡарақәа раԥҵаразы асервер ҷыдақәа аҭахуп. Урыстәыла ари аус ахыркәшамҭахь инаргоит. Иара иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу асерверқәа Европа, Китаи раԥҵара ишаҿу, аинтерес рыманы ишыҟоу Иран, Индиа.

2020 шықәса анҵәамҭазы амаҵзура Reuters адырра ҟанаҵеит ЕАА ахада ҿыц Џьо Баиден Иусбарҭа Урыстәыла аганахь ала асанкциа ҿыцқәа ралагалара азҵаарақәа ирылацәажәоит. Урыстәыла америкатәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рганахь ала акибержәыларақәа мҩаԥнагоит ҳәа иҟоу агәаанагаразы ҳәа. Еиҳа анырра ҟазҵо усмҩаԥгатәны иазгәарҭеит SWIFT аҿыгара.

Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев иҳәеит усеиԥш ҟалар шалшо, аха Урыстәыла убри аан иҟанаҵаша аплан шамоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0