Украина гәҽанҵарыда Амшын еиқәаҟны арратә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

© Sputnik / Игорь Маслов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМеждународные учения Sea Breeze - 2019 в Одессе
Международные учения Sea Breeze - 2019 в Одессе - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Анапаҵаҩра
Иаалырҟьаны излагаз арратә ҽазыҟаҵарақәа ирхырҟьаны қалақьқәак рымшынтә баӷәазақәа рҟны иԥыркит аӷбамҩақәҵарақәа.

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Украина арра-мшынтә флот акомандаҟаҵара Амшын еиқәаҿы аҽазыҟаҵарақәа рыларҳәеит. Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит иаалырҟьаны, абасеиԥш аан традициа ҳасабла иҟарҵало агәҽанҵарақәа рыда ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Амшын баӷәазақәа Херсон, Ольвиа, Черноморск, Одесса, Иужныи, Николаев рҟны арратә ҽазыҟаҵарақәа ирхырҟьаны рымшынтә баӷәазақәа рҟны  иԥыркит аӷбамҩақәҵарақәа", - азгәарҭоит атәыла амшынтә баӷәазақәа рхадарақәа.

Иаалырҟьаны аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ааигәа Владимир Зеленски Донбасс аимак аҭыԥ ақәҵаразы НАТО иалалатәуп ҳәа иқәгылара ашьҭахьи арегион аҿы аҭагылазаашьа аныуадаҩха ашьҭахьи.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова иазгәалҭеит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы НАТО арратә мчқәа Украинеи Амшын еиқәеи рҟны рхы цәырырго ишалагаз. Сынтәатәи ашықәс ала иазыԥхьагәаҭоуп алианс атәылақәа алархәны Украина ар рҽазыҟаҵарақәа быжьба.

Ажәабжьқәа зегьы
0