Кремль Урыстәыла асанкциақәа ирхырҟьаны Visa, Mastercard ирҿыргар ҟалоит ҳәа рҳәеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПродолжается реконструкция Большого Каменного моста
Продолжается реконструкция Большого Каменного моста - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны уаанӡа аҳәамҭа ҟарҵахьан Урыстәыла жәларбжьаратә аԥарашәаратә система SWIFT альтернатива аус адыруылар шыҟало.

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Кремль Урыстәыла асанкциақәа ирхырҟьаны Visa, Mastercard ирҿыргар ҟалоит ҳәа рҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иганы.

На иллюстрации изображен логотип SWIFT в их штаб-квартире в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2021
Урыстәыла аԥарашәаратә система SWIFT альтернатива цәырҵыр ҟалоит

"Иаахҵәаны иаҳҳәар ҳалшоит Урыстәыла аганахь ала еиуеиԥшым аформақәа рыла аԥкырақәа шымҩаԥырго иакымкәа иҩбамкәа аҳәынҭқаррақәа. Арҭ аԥкырақәа иазыԥхьагәоуҭаша ракәым. Убри азы абри апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, зны-зынла ҳганахь ала агәаӷҵәҟьа ахьаадырԥшуа инадҳәаланы иҟаларызеи уҳәартә иҟам", - иҳәеит иара Урыстәыла асанкциақәа ирхырҟьаны Visa, Mastercard ирҿыргар ҟалома ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс.

Уаанӡа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵахьан Урыстәыла маҷ-маҷ асанкциатә цәшәарақәа еиҵатәлатәлароуп адоллар иашьашәалоу амилаҭтәи альтернативатәи валиутақәа рыла ҳәа.

"Мраҭашәара хылаԥшра знаҭо жәларбжьаратәи аԥарашәаратә системақәа аҽрыцәхьакра рҭахуп", - иҳәеит адипломат адоллар акәымкәа амилаҭтә валиутақәа рахь аиасра шахәҭо азгәаҭо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0