ЕАА Ҭырқәтәыла F-35 ҭзыжьуа атәылақәа рсиа иалнахит

© AFP 2023 / SAUL LOEBПентагон
Пентагон - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
Анапаҵаҩра
Еиду аштатқәеи Ҭырқәтәылеи F-35 аицҭыжьразы 2007 шықәсазы рнапы аҵарҩит аҽа быжь-тәылак злахәыз амеморандум.

АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. ЕАА Ҭырқәтәыла адырра анаҭеит ажәылаҩ-ҳаирплан F-35 ҭзыжьуа атәылақәа рсиа ишалнахыз азы. Мзызны ианарбеит Ҭырқәтәыла урыстәылатәи С-400 аахәара мап ахьацәнамкыз ҳәа аҩуеит амаҵзура Пентагон аҿтәи ахыҵхырҭа шьаҭас иганы.

Аицмеморандум рнапы аҵаҩын Еиду аштатқәа, Ҭырқәтәыла, Британиа ду, Италиа, Нидерланды, Австралиа, Даниа, Канада, Норвегиа.

Ҭырқәтәыла хыдҵаны иагеит аҳаирпланқәа F-35 100-цырак раахәара, иагьалахәхеит аҳаирпланхәҭақәа зықьхкы иара аҵакыраҿы рҭыжьра.

С-400  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2019
2025 шықәса рзы Урыстәыла Индиаҟа С-400 нанашьҭуеит

Ҭырқәтәыла ааглыхреи атехнологиақәеи рминистр Мусҭафа Варанк уаанӡа РИА Новости иазеиҭеиҳәахьан ЕАА Ҭырқәтәыла апроект ишалнагазгьы арҭ ахәҭақәа шыҭнажьуа.

С-400 Ҭырқәтәылаҟа анашьҭразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2017 шықәса рзы. Уахь рнагара иалагеит 2019 шықәса рзы. Аилаӡара ахәԥса иартәоит 2,5 миллиард доллар.

2019 шықәсазы С-400 аахәара иахырҟьаны Ҭырқәтәылеи Америкеи еиванагалеит. Вашингтон аилаӡара мап ацәктәуп, уи ацынхәрас америкатәи аҳаирпланқәа F-35 аашәхә ҳәа иқәгылеит, аха Ҭырқәтәыла уи мап ацәнакит.

Ажәабжьқәа зегьы
0