Шоигу урыстәылатәи архәҭақәа рҿы аҽазыҟаҵара агәаҭара шхыркәшоу иҳәеит

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание с руководством Минобороны РФ и представителями оборонной промышленности
Президент РФ В. Путин провел совещание с руководством Минобороны РФ и представителями оборонной промышленности - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2021
Анапаҵаҩра
Ҟрымтәи аполигон Опук аҟны имҩаԥысит Урыстәыла ар рҽазыҟаҵарақәа. Урҭ ирылахәын жәанызқьҩык инареиҳаны ар, 1,2 нызқь арратә техника, 40 еибашьыга ӷба.

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Ҟрым имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аладатәии Мраҭашәаратәии арратә округқәа рыруаа разыҟаҵара агәаҭара хыркәшаны мшаԥы 23 рзы аруаа ргыларҭа ҭыԥқәа рахь ишыхынҳәуа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Шоигу иҳәеит Аладатәии Мраҭашәаратәии арратә округқәа рыруаа разыҟаҵараан рҿаԥхьа иқәгылаз ауснагӡатәқәа зегьы шьахәны инарыгӡеит ҳәа.

"Иахьа (мшаԥы 22 рзы - аред.) аполигон "Опук" аҿы имҩаԥысит Аладатәи арратә округи Аҳаир-десанттә ари реицҽазыҟаҵара ахыркәшаратә етап. Ар қәҿиарала рнапынҵатә комплекс нарыгӡеит Урыстәыла аладатәи аҳәаақәа рыхьчаразы", - иҳәеит иара мшаԥы 22 рзы.

Аминистр иазгәеиҭеит Аҩадаатлантикатә алианс Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара активла ахы шымҩаԥнаго.

"Ари арегион аҿы НАТО аруаа активла рхы аадырԥшуа иалагеит. Аԥшыхәратә усқәа мҩаԥыргоит", -  иҳәеит Шоигу.

Ҟрымтәи аполигон Опук аҟны имҩаԥысит Урыстәыла ар рҽазыҟаҵарақәа. Урҭ ирылахәын жәанызқьҩык инареиҳаны ар, 1,2 нызқь арратә техника, 40 еибашьыга ӷба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0