Баиден иазхеиҵеит Османтәи аимпериаҿы аерманцәа ргеноцид ыҟан ҳәа

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБрифинг президента США Дж. Байдена
Брифинг президента США Дж. Байдена - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Анапаҵаҩра
Есышықәса мшаԥы 24 рзы аерманцәа рдиаспора иазгәарҭоит аерманцәа ргеноцид иалаӡыз Ргәалашәара амш.

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа рхада Џьо Баиден официалла иазхеиҵеит Османтәи аимпериаҿы ишыҟаз аерманцәа ргеноцид, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Аҩны шкәакәа иҟанаҵаз адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Бжьаниа Аԥсны аерманцәа дрыдашшылеит Ргеноцид агәаларшәара амш азы

"Есышықәса ари аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит Османтәи аимпериа аан имҩаԥгаз аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ауаа зегьы. Ҳара ҳхы иадаҳҵоит ари аҩыза ахлымӡаах уаҳа иҟалартә шалҳмыршо. Мшаԥы 24 1915 шықәса инаркны, османтәи амчрақәа Константинополь идырбаандаҩуан аерман интеллигенциа ахаҭарнакцәеи ауаԥшьқәа раԥхьагылацәеи, усҟантәи аамҭазы миллионки бжаки аерманцәа рыдгьылқәа ирыхцан, ишьын, иара убас ақәхратә кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьрахьы ишьҭын", - ҳәа ануп Баиден иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.

"Ҳара икаҳаршәуам Meds Yeghern иалаӡыз ауааԥсыра, уи зыҟаҳҵо - ари аҩыза ашьаарҵәыра хашҭра ақәымзарц азоуп", - ҳәа инаҵишьит Америка ахада.

Ҭырқәтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахар ҳәа ишәаны, Баиден иаԥхьа иҟаз ахадацәа ажәа "агеноцид" ахархәара рҽацәхьаркуан. Иаҳҳәап, Дональд Трампи егьырҭ ахадацәеи рхы иадырхәон атермин Meds Yeghern, уи иаанагоит "ацәгьоура дуӡӡа", иара убасгьы ирҳәон "ХХ ашәышықәсазы иреицәоу массалатәи ацәгьоурақәа иреиуоу" ҳәа. ЕАА Рсенати Рхаҭарнакцәа Рпалатеи 2019 шықәсазы иазхарҵеит Османтәи аимпериаҿы иҟаз массала аерманцәа рықәхра агеноцид акәын ҳәа.

Мемориал памяти жертв геноцида армян Цицернакаберд. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2015
Аерманцәа рытрагедиа: шәышықәсатәи ахьааи агәыӷреи

1915–1923 шықәсқәа рзы, аерман ҭоурыхҭҵааҩцәа рдыррақәа рыла, Османтәи аимпериаҿы иқәхын миллионки бжаки рҟара аерманцәа, иқәыццышәаан, ирҳәын 60 инареиҳаны аерман қалақьқәеи ҩ-нызқьи бжаки инареиҳаны аерман қыҭақәеи. Аерманцәа ргеноцид азхарҵеит иагьақәыӡбеит зажәа акырԥхылнадо жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, иаҳҳәап - Европа Апарламент, Европа Ахеилак, Ауахәамақәа Адунеизегьтәи рхеилак, аха макьана уи азханамҵаӡацт Ҭырқәтәыла ахаҭа.

Есышықәса мшаԥы 24 рзы адунеи зегьы иқәынхо аерман диаспора иазгәанаҭоит Аерманцәа ргеноцид агәаларшәара амш. Мшаԥы 15 2015 шықәсазы Европарламент мшаԥы 24 Османтәи аимпериаҿы аҭыԥ змаз Аерманцәа ргеноцид агәаларшәара европатәи амш ҳәа ишьақәнарӷәӷәеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0