Ахсаалага "Мир" амаҵзура Apple Pay иадырҳәалоит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервые карты национальной платежной системы "Мир"
Первые карты национальной платежной системы Мир - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2021
Анапаҵаҩра
Амаҵзура Apple Pay 2016 шықәса раахыс урыстәылаа рхы иадырхәоит, аха абарҭ аамҭақәа зегьы ахсаалага "Мир" адҳәаламызт.

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Аԥарашәаратә система "Мир" ахсаалагақәа ашәаратә маҵзура Apple Pay иадҳәалахар ҟалоит мшаԥымза анҵәамҭазы ҳәа аҩуиет РИА Новости.

Урыстәылатәи абанкқәа рзы ари хымԥадатәины иҟам аха аекспертцәа ргәаанагарала акоммерциатә усбарҭақәа жәпакы  рхы иадырхәашт.

Уаанӡа ахсаалагақәа  асмартфонқә Android  Samsung Pay, Mir Pay рыла ирыдырҳәалон.

Эмиссия карт национальной платежной системы Мир началась в России. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Ахсаалага "Мир" аҟынтәи аҳәаанырцәтә електронтә ԥараҭрақәа рхарҭәаара ааныркылоит

Ахсаалагақәа "Мир" ApplePay аҿы рҭаҩра ахсаалагақәа Visa ма MasterCard, излареиԥшым акыҟам ҳәа иҳәоит аелектронтә ԥарақәеи аԥараиагареи рџьармыкьа алахәылацәа р-Ассоциациа аиҳабы Виктор Достов.

Асистема "Мир" 2014-2015 шықәсқәа рзы ицәырҵит, Visa, Mastercard ЕАА асанкциақәа ирыҵаркыз абанкқәа рҿы рхархәара ҟамло ианалага.

Аԥарашәаратә системақәа "АԤРА" "Мир" реинырраз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын  2018 шықәсазы. 2019 шықәса раахыс "Мир" Аԥсны ахархәара амоуп, "АԤРА" акәзар Урыстәылеи егьырҭ атәәылақәеи рҿы ухы иауырхәар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0