Урыстәылатәи атурмаҵзурақәа: лаҵара аԥсшьарамшқәа рзы аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара рацәаӡоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит урыстәылатәи атуристцәа еиҳа ирҭахны атурқәа ахьаархәо ҳәа. Аԥсны аԥсшьара реиҳа зыхәԥса лаҟәу ҳәа ишьоуп.

АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Лаҵарамзатәи аԥсшьарамшқәа раан атурқәа раахәара ахыԥхьаӡара хынтәны еизҳаит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Level.Travel атурқәа онлаин раахәареи амаркетинги рзы адиректор Евгени Гинзбург иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Атурқәа раахәара иазҳаит Владимир Путин еиԥымҟьо аԥсшьарамшқәа рзы ақәҵара инапы анаҵеиҩ ашьҭахь.

Ситуация в связи с принятием мер против коронавируса в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2021
Онишьенко урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аԥсшьаразы Аԥсны алырхларц

"Ииасыз ахәашазы, атәыла ахада аԥсшьарамшқәа ианрыциҵа ашьҭахь асаит аҿы атурқәа раахәаразы азыҳәақәа ирызҳаит хынтәны. Еиҳа иалыркаауа хырхарҭаны иҟоуп урыстәылатәи акурортқәа", - иҳәеит Гинзбург.

Аныҳәамшқәа раан аиҳарак атурқәа аахәан Урыстәылатәи аҭыԥқәа рахь. Ииасыз аԥсшьарамшқәа раан 69% ахархәаҩцәа бжьаратәла 44,5 нызқьмааҭ ҳәа атурқәа аархәеит.

"Урҭ рҟынтәи 64% акциа кешбек зцыз атурқәа аархәеит. Аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит ОАЕ ахь атурқәа - 15% (136 000мааҭ), ахԥатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп Аԥсны - - 7% (51 000 мааҭ)", - иҳәеит Гинзбург.

Амаҵзура Travelata.ru иазгәанаҭоит еиҳа зыхәԥса лаҟәу курортқәоуп ҳәа Аԥснытәи акурортқәа (Афон ҿыц) - 11,531 нызқьмааҭ ршәоит 7 уахыи-ҽни рзы аӡәы изыҳәа, акрыфара аламкәа. Зегь раасҭа зыхә дуу хырхарҭоуп Мальдивы, 1,114 миллион мааҭ ршәоит 9 уахыи-ҽни рзы ԥшьҩык адуцәеи хәыҷыки рзы.

Амаҵзура адыррақәа рыла лаҵарамзатәи аԥсшьара бжьаратәла 68,268 нызқьмааҭ ирызтәоит атуристцәа. Аҩныҵҟатә туризм алызхыз 38% Адлерҟа ицоит, 9% - Санкт-Петербургҟа, 7% - Анапаҟа, 6% - Иалтаҟаи Шәачаҟаи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0