Лавров: Донбасс аибашьра мҵысыртә аҟаҵара алшоит, иагьаҭахуп

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВиды городов. Донецк
Виды городов. Донецк - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ахҳәаа аиҭеит Донбасс иҟоу аҭагылазаашьа.

АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Донбасс аибашьра мҵысыртә аҟаҵара алшоит, иагьаҭахуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, РИА Новости аҿы Дмитри Киселиов аинтервиу анииҭоз.

"Уи ҳареи иара убасгьы Донбасс ахьчаҩцәеи ҳнапы ианызар – аибашьра мҵысыртә аҟаҵара алшоит, иагьаҭахуп. Украинатәи аган аӡбахә уҳәозар, угәы иаанаго акоуп – ишаулакгьы амчраҿы аанхара рҭахуп, иазыхиоуп уи азы иарбанзаалак ак мап ацәымкра, анеонацистцәеи аультрарадикалцәеи инадыркны зегь рҩызахара иазыхиоуп. Ицәгьамызт мраҭашәаратәи ҳколлегацәа 2014 шықәса раахыстәи аҭагылазаашьа инарҭбааны еиҭазхьаԥшыр. Украина егьырҭ ахәҭақәа арҭ араионқәа рҟынтәи уаҩ дрықәымлеит. Арахь дара террористцәоуп ҳәа рыларҳәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Лавров.

Встреча глав МИД РФ и Израиля С. Лаврова и Г. Ашкенази - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2021
Лавров: Урыстәыла иаҩызам ҳәа иаԥхьаӡо атәылақәа рсиа лассы ицәырнагоит

Иара убасгьы дазааҭгылеит урыстәылатәи арратә журналистцәа аобиективтә ҭагылазаашьа ҭыхны ауаа ишыддырбо атәы изныкымкәа мраҭашәаратәи иколлегацәа ишреиҳәахьоу.

"Дара есыҽны иддырбоит арепортажқәа аекономикатә блокада иҭаку, есыҽны ауаа ахьҭахо, ахьҭа-амла иахьакуа, аграждантә инфраструктура ахьеилаҳауа. Изныкымкәа аколлегацәа сразҵаахьеит – избан шәмассатә информациа ахархәагақәа аинырратә цәаҳәа егьи аган аҿы инхо ауаа рырбара зеиҿырымкаауа, уа иҟоу арыцҳара ззыдмырбо ҳәа. Аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьақәа ртәы уҳәозар, ҳадгьылҵакыраҿы ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа Аладатәи Ираҭашәаратәи арратә округқәа рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагоит ҳәа анрылаҳҳәа заҟа цәажәара, заҟа ҳәҳәабжьы ахылҿиааз жәбеит. Урыстәыла Украина аҳәаа аҽаднахалеит ҳәа иқәгылеит. Аҽазыҟаҵарақәа хҳаркәшеит анаҳҳәа – Урыстәыла хьаҵит ҳәа рҳәахт. Мраҭашәара иаҭаху - иара ажәа аԥыжәара аиуроуп. Ари угәы иахәаша акәым", - ҳәа инаҵишьит иара.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров МИА "Россия сегодня" адиректор хада Владимир Киселиов ииҭаз аинтервиу ду мшаԥы 28 рзы икьыԥхьын.

Ажәабжьқәа зегьы
0