Роспотребнадзор аҿы еиҭарҳәеит алаҵа аҩбатәи адоза заҭаху

CC0 / / Вакцина Covid-19
Вакцина Covid-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа актәии аҩбатәии адозақәа рыбжьара 21 мшы рҟынӡа иладырҟәит, апандемиа аамҭаан аиммунитет еиҳа ирццакны аиҿкааразы.

АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Алаҵа аҩбатәи адоза хымԥадатәиуп, иара актәи адоза ханарҭәаауеит, еиҳа аиммунитет арӷәӷәоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Роспотребнадзор аепидемиологиаз аҭҵаарадырратә Центр адиректор ихаҭыԥуаҩ, РАН алахәыла-корреспондент Александр Горелов иажәақәа шьаҭас иааганы.

Иара иҳәеит аҩбатәи адоза хымԥадатәиуп, уи агәыгәҭажьра актәи алшарақәа зегь ҵнашәаауеит ҳәа.

Лечение детей с COVID-19 в ГБУЗ ДГКБ им. З.А. Башляевой - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
Аепидемиолог еиҭеиҳәеит COVID-19 ахәыҷқәа рҿы иуадаҩу аформахь ииасыр аналшо

Горедов иҳәоит актәи адоза ашьҭахь ауаҩы гуморальныи иммунитет иоуеит, уи иаанаго аиммуноглобулинқәа IgM, IgG рыҟазаароуп, аха урҭ 2-3 мзы заҵәык роуп ҿҳәарас ирымоу ҳәа.

Аҩбатәи адоза ашьҭахь Т-хыцтә иммунитет цәырҵуеит – урҭ роуп аҿкыра уацәызыхьчо.

"Алаҵа аҩбатәи адоза ҟазымҵо ауаҩы игәабзиара ашәарҭара иҭеиргылоит. Избанзар мызқәак рышьҭахь аҿкыра шьҭикаар ауеит. Убри азы, алаҵа акурсқәа зегь рыхгара аҭахуп аиммунологиатә хра аиуразы", - иҳәоит Горелов.

Акоронавирус ахҽразы иҟарҵо алаҵа "Спутник V" аԥҵан Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы. Ари алаҵа 2020 шықәса нанҳәамзазы адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз лаҵахеит, уи аԥҵан ауаҩытәыҩса иаденовирустә вектор аплатформаҿы.

COVID-19 аҟынтәи Урыстәыла иара убасгьы иаԥҵоуп алаҵақәа – "ЭпиВакКорона", "КовиВак".

Ажәабжьқәа зегьы
0