Казань ақалақьтә школ аҿы иҟалаз ахысраан жәеизаҩык ҭахеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтрельба у школы в Казани
Стрельба у школы в Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Анапаҵаҩра
Заанаҵтәи адыррақәа рыла ашкол аҿы ахысра ҟазҵаз ақәыԥшцәа роуп, иара убасгьы аҭыԥ аман аԥжәара.

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Казань ақалақьтә школ аҿы иҟалаз ахысраан жәеизаҩык ҭахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, рҵаҩыки ааҩык аҵаҩцәеи ҭахеит ҳәа азгәаҭан. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа аҵаҩцәа ахԥатәи аихагыла аԥенџьыр аҟынтәи ианыԥоз иҭахеит ҳәа аанацҳауеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура.

Идырым џьоукы аҵараиурҭа аҩнуҵҟа ахысра иалагеит лаҵара 11 рзы. Иара убасгьы аҭыԥ аман аԥжәара. Заанаҵтәи адыррақәа рыла ихысуаз қәыԥшцәан, руаӡәк даанкылоуп, егьи ашасцәа тҟәаны имоуп.

Ашкол №175 Фаизи имҩа №8 рҿы игылоуп. Макьаназы аҵараиурҭа ахьӡала ахҳәаа ҟамлацт.

Аҭыԥ ахь инашьҭуп ацхыраара ласы абригадақәа 20. Уахь инеит иара убасгьы Ҭаҭарсҭан ахада Русҭам Минниханов, Агәабзиарахьчара аминистр, арегион апрокурор.

Казань ақалақь аҵараиурҭақәа зегьы рҿы ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа рӷәӷәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0