Казантәи ахҭысқәа шыҟалаз еиҳа инарҭбааны еилкаахеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтрельба у школы в Казани
Стрельба у школы в Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Анапаҵаҩра
Иофициалтәым адыррақәа рыла, Казань ақалақьтә школ аҿы иҟалаз ахысрақәа ирыхҟьаны жәеизаҩык ҭахеит, ԥшьҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп. Ҭаҭарсҭан ахада ипресс-маҵзура адыррала, быжьҩык аҵаҩцәеи рҵаҩыки ҭахеит, 20-ҩык ахәрақәа рымоуп.

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Казантәи ашкол аҿы ахысрақәа ҟалеит аурок анцоз аамҭазы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал "360" адыррақәа шьаҭас иганы.

Ахыбра аҩнуҵҟа иҟаз ахәыҷқәа адырра рыҭан адашьма иқәирац ахысыбжьқәеи атҟәацбыжьқәеи ангоз. Урҭ арантә рықәгара рылшеит ОМОН аусзуҩцәеи аиқәырхаҩцәеи. Ателеканал зыҿцәажәаз ахаҿы иҳәеит иҭахаз дышрылоу аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы. Иҟоуп ацәажәарақәа арҵаҩы ахәыҷқәа рыла ишабоз дшьын ҳәа иҳәеит иара.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Џьаудаҭ Фаизи ихьӡ зху амҩаҿы игылоу ашкол № 175 аҟны ахысрақәа аҭыԥ рыман, аҭыԥ рыман аԥжәарақәа. Ихысуаз руаӡәк дынкылоуп, аҩбатәи – ашкол аҩнуҵҟа зҽызҵәахыз - дҭархоуп. Иҭахеит жәеизаҩык, жәафҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп.

Стрельба у школы в Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Казань ақалақьтә школ аҿы иҟалаз ахысраан жәеизаҩык ҭахеит

Ҭаҭарсҭан ахада Русҭам Минниханов ателеканал "Россия 24" аефир аҿы иҳәеит иаанкылоу атеррорист 19 шықәса шихыҵуа, ихьӡала абџьар ашәҟәы ишҭагалоу. Ахҭыс ахьыҟалаз аконтртеррористтә операциа арежим алагалоуп. Минниханов хаҭала аҭагылазаашьа хылаԥшра аиҭоит.

Аҭыԥ аҿы иҟоуп амедусзуҩцәа, апсихологцәа, аполициа, атәыла ахада, агәабзиарахьчара аминистр, апрокурор.

Ақалақь ашколқәа зегьы рҿы ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа рӷәӷәоуп. Ашьаус хацыркуп.

Ареспубликаҿы алахьеиқәҵара рылаҳәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0