Америкатәи АИХқәа Урыстәылеи Америкеи Амшын еиқәаҿы реиҿанагалара асценари иахцәажәеит

© Foto / Министерство обороны Великобритании / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБританские ВМС и ВВС сопровождают российские корабли "Адмирал Кузнецов" и "Петр Великий"
Британские ВМС и ВВС сопровождают российские корабли Адмирал Кузнецов и Петр Великий - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Анапаҵаҩра
Асценари авторцәа алкаақәа ҟарҵеит атәылақәа рыҩба рымшынтә армчқәа бџьарла реиҿкаашьа анализ аназыру ашьҭахь.

АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Америкатәи ажурнал "The National Interest" аматериалқәа руак аҿы аимак аҭыԥ аиур аԥыжәара згар алшо ҳәа ахцәажәара мҩаԥнагеит. Абир атәы аҩуеит РИА Новости.

Аматериал автор, ажурналист, Пентагон уаанӡатәи аусзуҩ Крис Осборн игәаанагарала Урыстәыла еиҳа иӷәӷәоу ганны иамоуп амшынаҵатә флот.

"Урыстәылатәи амшынаҵатәи аӷбақәа Амшын еиқәаҿы ЕАА арратә ӷбақәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра акыр иԥыркуеит", - ҳәа иҳәоит иара.

Автор иара убасгьы иҳәоит иаартны аиҿагылара аҭыԥ аиур, Урыстәыла аӷбақәа, зҟынтә авертолиотқәеи аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәеи шьҭыԥраар рылшо, рхыԥхьаӡара маҷны иахьрымоу азы еихәлахар алшоит ҳәа.

В порт Одессы вошли военные корабли НАТО - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Аԥсны атәылахьчара аминистрра НАТО Амшын еиқәаҿ аҟазаара ахҳәаа анаҭеит

Аха иҟалар зылшо аимак аилгараз аӷбақәа рыҟазаара аасҭа изхьыԥшуа абџьартә борттә системақәа рхысра ахьалшо, амшынтә дронқәа, аӷбатә радарқәа ахьыҟоу уҳәа роуп ихадараны иҟоу ҳәа иҳәоит ажурналист.

Уаанӡа ЕАА арра-мшынтә мчрақәа радмирал Џьеимс Ставридис иазгәеиҭахьан Урыстәылеи Украинеи реибарххара ҵархар, аиҿагылара раԥхьа иргыланы Амшын еиқәа акваториаҿы акәхоит иахьыҟало ҳәа. Ставридис иҳәеит Москва хымԥада аиааира агоит, избанзар НАТО аӷбақәа арегион ахь анеира иахьӡом ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0