Абиткоин аҭоурыхтә максимум иаҿырԥшны ҩынтә еиҵахеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСувенирная монета криптовалюты биткойн.
Сувенирная монета криптовалюты биткойн. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Лаҵара 19 асааҭ 16:00 рызтәи адыррақәа рыла акриптовалиута ахә 31 000 доллар ишеиҵахаз азы аҭирақәа шаҳаҭра руеит.

АҞӘА, лаҵара 20 — Sputnik. Абиткоин мшаԥымзатәи аҭоурыхтә максимум аҟынтә ҩынтә еиҵахеит ҳәа аҩуеит РИА Новости.

Биткоин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
Абиткоин жәабран ааба раахыижьҭеи раԥхьаӡа акәны ахә каҳаит

Акриптобиржа Binance аҟынтәи аҭирақәа рыла акриптовалиута ахәԥса 29% рыла икаҳаит, 31,4 000 доллар иҟоуп.

Ари амш азы иреиҵаӡоу акәын арбага 30 000 доллар. Асеиԥш абиткоин ажьырныҳәа 25 раахыс имлеицызт.

Апортал CoinMarketCap адыррақәа рыла, абиткоин 29,8% икаҳаит, иартәеит 30 858 доллар. 20 биржа рҟынтәи ари бжьаратә рбагоуп.

Аҭоурыхтә максимум абиткоин ианарбеит мшаԥы 14 рзы— 64,9 000 доллар. Абри ашьҭахь иара 2,1-нтә икаҳахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0