COVID-19 аҟынтәи Урыстәыла ахԥатәи алаҵа хра ахьынӡамоу азы адыррақәа кьыԥхьуп

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 препаратом КовиВак
Вакцинация от COVID-19 препаратом КовиВак - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2021
Анапаҵаҩра
COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак" аҭыжьра официалла иалагеит хәажәкыра 25 рзы Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху ацентр аҟны.

АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху ацентр аҟны иҭыжьу COVID-19 аҟынтәи ахԥатәи алаҵа "КовиВак" 80% рыла хра аманы ишьоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы аӡыргара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит рашәара 2-5 рзы латәаратәи аформат ала.

"Алаҵа 80% инеиҳаны хра амоуп. Ахыркәшаратә ԥышәаратә фаза макьаназ инымҵәацт", - ҳәа азгәарҭеит аӡыргараан.

Алаҵа "КовиВак" аҭыжьра апроекттә лшарахь инеихьеит. Уажәазы мызкы аҩнуҵҟа 500 000 доза ҭрыжьуеит ҳәа иҳәеит афорум аҿы алаҵа аус адызуло рхаҭарнак. Иара иҳәеит ацәаҳәа ҿыц аԥҵахар, уи ахыԥхьаӡара ишацҵахо.

Вакцина Covid-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Роспотребнадзор аҿы еиҭарҳәеит алаҵа аҩбатәи адоза заҭаху

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V" Гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ-и еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз акәхеит. Жьҭаарамзазы иҭанаҩит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит. Иара убасгьы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак". "КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны, иара убас иҭыжьуп алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт".

Ажәабжьқәа зегьы
0