Путин "ицәаҳәа ҟаԥшь": аекспертцәа Урыстәыла ахада "украинатәи" иинтервиу иахцәажәоит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание по подготовке к посланию президента РФ Федеральному собранию
Президент РФ В. Путин провел совещание по подготовке к посланию президента РФ Федеральному собранию - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин НАТО асаммити Џьо Баидени иареи реиԥылареи рыламҭалазы иҟаиҵаз аинтервиу иатема хаданы иҟалеит Украина.

Аекспертцәа ргәаанагарала урыстәылатәи аԥхьагыла киевтәи анапхгареи НАТОи рзы зхысра ахҟьаԥҟьақәа бааԥсқәа ахылҿиаар ауа ацәаҳәа ҟаԥшь мҩанигеит.

Никита Чикунов, Мариа Науменко, Sputnik.

Ашәарҭараҵәҟьа

Украина Аҩада-атлантикатәи алианс алахәра Урыстәыла ашәарҭадаразы "ацәаҳәа ҟаԥшь ахысроуп" иаанаго. Абри аҩыза агәаанагара аарԥшуп Владимир Путин ателеканал "Россия 1" иеиҭаз аинтервиу аҿы.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит Польшеи Румыниеи НАТО ралалара шхыркәшахаз арҭ атәылақәа рҿы америкатәи аракетаҿагыларатә хьчара асистемақәа (ПРО) жәыларатә комплексқәак рыҳасаб ала рықәыргыларала. Убри аан аракета Москванӡа анеира 15 минуҭ роуп иаго.

"Ҳхаҿы иаагап Украина НАТО иалахәылахар, Харьков ма Днепропетровск рҟынтәи Урыстәыла агәаҟынӡа, Москванӡа аракета анеира еиҳагьы ишеиҵахо, 7-10 минуҭ рҟынӡа шакәхо. Нас ари ҳара ҳзы "ицәаҳәа ҟаԥшьӡами?" - ҳәа дҵаауеит иара.

Иахьазы Украина алианс иалалом ҳәа агәра угартә иҟам ҳәа иҳәеит Владимир Путин. Иара иҳәеит НАТО аҽырҭбаара Урыстәылеи Мраҭашәареи реизыҟазаашьа аҟәандара ма ахьшәашәара ишахьыԥшым.

"НАТО аҽарҭбаауан Ҟрым аныҟамыз, Украина аҳәынҭқарратә хҳәара аныҟамыз. Урыстәылеи Мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа акы рхуҳәаартә иҟамызт. Ус шакәызгьы ҳара ҳшәарақәа рымбозшәа ҟарҵон", - ҳәа азгәеиҭеит ахада.

Брифинг официального представителя МИД России М. Захаровой - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Захарова Урыстәылеи НАТОи еилацәажәаразы иаҭаху лҳәеит

Аха НАТОи иара иалаларц зҭаху Украинеи Москва ареакциа рымбозшәа ҟарҵеит ҳәа иазхьаирԥшит урыстәылатәи ахада.

Владимир Путин иара убасгьы ахҳәаа аиҭеит Аҩны шкәакәа – ЕАА ахада Џьо Баиден Украина алианс алалараз аидеиаз иажәақәа Киев ииашамкәа еилнакааит ҳәа аҳәамҭа.

"Ирцәажәоз Баидени Зеленскии? Изызкылси? Акгьы ҳаздырам. Аокеан нырцәынтә Украина иазырхаз ажәақәа акгьы рыҵарымкуазаргьы, игәыгәҭаҳажьыр ҟалом. Уи иахьырԥшны ҳпартниорцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа шьақәҳаргылалароуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Арратә експерт Алексеи Леонков иажәақәа рыла, Владимир Путин иажәақәа Мраҭашәара рхы рнапаҿы инаргароуп.

"Москва аҽырҭынчны НАТО иазыԥшуа итәом. Урҭ аамҭақәа цеит. Ҳхы анрыҵаҳҵоз аамҭа мҩасит, избанзар уаҳа хьаҵшьа ыҟам. Усеиԥш ҳхы мҩаԥаамгар, ҳсуверенитет ыӡыр алшоит. Иахьатәи аҭагылазаашьа ацәаҳәа ҟаԥшь иадгылоуп. Путин иажәақәа гәҽанҵарак аҳасаб ала ирыхәаԥштәуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Киев НАТО мчыла алацалара

Урыстәыла ахада иинтервиу аҿы иҳәеит Украина алианс алалара аӡбахә ала ацәажәарақәа ҽхырцәажәараны ишимԥхьаӡо. Аиҿкаара Киев ахархәарала аҽырҭбаара иҟалар зылшо усуп ҳәа иҳәоит ИАР атәылақәа ринститут анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Владимир Жарихин.

"Апроблема хада ахьыҟоу алианс аҿы акәӡам, ЕАА Украина иагәыҵасны НАТО иаланагаларц ахьаҭаху ауп, убри аан ашәарҭадаратә гарантиақәак амҭаӡо. Абри аганахь ала Киев ишәарҭоу америкатәи плацдармуп. Уи ауп дызлацәажәоз Владимир Путингьы", — иҳәеит иара.

Украина НАТО алалара алианси Урыстәылеи реизыҟазаашьа арххоит. Аха аиҿагылара ма бџьаршьҭыхлатәи аимак Мраҭашәара аинтересқәа ирыҵаркуам ҳәа ишьоит Алексеи Леонков.

"Киев Урыстәылеи иареи реибашьра (Донбасстәи аимак ҳәа акәымкәа – аред.) иалацәажәоит. Убри аан НАТО аҿы Вашингтонтәи аиқәшаҳаҭра аус ауеит. Аиқәшаҳаҭра ахәбатәи ахәҭаҷ акәзар, абас аҳәоит: аиҿкаара алахәылацәа руаӡәк иқәлаз аҳәынҭқарра аумҭа аҭак аҭатәуп ҳәа.

Украина алианс иалалар, аибашьра ахы аланархәыр акәхоит. Ари уа аӡәгьы иҭахны дыҟам", - иҳәоит аҟазауаҩ.

Британские ВМС и ВВС сопровождают российские корабли Адмирал Кузнецов и Петр Великий - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Америкатәи АИХқәа Урыстәылеи Америкеи Амшын еиқәаҿы реиҿанагалара асценари иахцәажәеит

Алианс Украина ала аҽырҭбаара афеида аасҭа аԥырхага еиҳауп ҳәа ахиҳәаауеит аполитикатә аналитик Ростислав Ишьченко.

"Украина алианс иалаларц азы ари аидеиа адгылаҩцәа аамҭак иақәыршәаны ЕАА, Франциа, Германиа рҿы амчрахь инеироуп. Убасҟан заҵәык акәхоит Украина НАТО алалара аналыршахо", - ҳәа иҳәоит иара.

Убри аан аполитолог иҳәоит Вашингтонтәи аиқәшаҳаҭраҿы ишыҟам аԥҟара аҵакыратә еимак змоу аҳәынҭқарра алианс иалалар ҟалом ҳәа. Уи ус шакәу аадырԥшуеит Ҭырқәтәылеи Бырзентәылеи 1952 шықәсазы алианс ралалара, Егеитәи амшын адгьылбжьахақәа рзы аимак шрымазгьы.

Шьаҿа-шьаҿала аурыс уаажәларратә еилазаара аныхра

Урыстәыла ахада аҽа темакгьы далацәажәеит – "Украина ашьагәыҭуаа рзы" азакәан апроект. Иара Иреиҳаӡоу арада иадигалеит Владимир Зеленски.

Адокумент инақәыршәаны шьагәыҭ жәларны иԥхьаӡахоит Украина анҭыҵ аҳәынҭқарратә еиҿкаара змам: ҟрымтәи аҭаҭарцәа, караимаа, крымчакаа. 2001 шықәсатәи ашәҟәҭаҩрала аурысқәа 17,2% шыҟазгьы, ари асиа иаҵадыркуам.

Визит главы МИД России С. Лаврова в Финляндию - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2021
Лавров: Киев Минсктәи аиқәшаҳаҭра нанагӡартә иҟазҵо Мраҭашәароуп

Украинатәи иколлега иаԥшьгамҭа ахҳәаа аҭо, Владимир Путин ари аурыс жәлар рзы иаахоуп ҳәа иҳәоит, иазгәеиҭоит атәыла ауааԥсыра асеиԥш реихшара анацист Германиа апрактика угәаланаршәоит ҳәа.

"Аӡәгьы иҭаххом аҩбатәи асорт даҵанакуа аҟазаара. Ари зықьҩыла, миллионҩыла ауаа рықәҵрахь ма рмилаҭ аиҭакрахь инанагоит", - ҳәа азгәеиҭоит иара.

Владимир Путин ихәшьара ииашоу хәшьароуп, ишәарҭаны иибогьы шәарҭоуп ҳәа иҳәоит аполитикатә хҳәааҟаҵаҩ Александр Асафов. Зеленски изакәан апроект аурысқәа Украина рзинқәа зыркьаҿуа ашәҟәқәа ирҵаҵӷәуп ҳәа иҳәоит иара.

"Агәра ганы сыҟоуп адкылара ишазырхиоу еиуеиԥшым актқәа. Раԥхьа иргыланы аурысқәа аҳәынҭқарратә мчрақәа рҿы русура ԥкхоит, ихадароу рзинқәагьы дыркьаҿуа иалагоит. Киев абри аус аҿы арҵаҩ бзиа дамоуп – Прибалтика. Уа азинтә ҟазшьала "аҩбатәи асорт" иатәу ауаа рыстатус шьақәдыргылеит", - ҳәа иҳәоит аексперт.

Украина амчра ари ахҟьа-ԥҟьақәа аиуп ҳәа ихәыцӡом ҳәа иҳәоит Александр Асафов: "Ари Вашингтон анапынҵа дара инарыгӡоит. Ԥхьаҟа атәыла шыҟалаша Зеленски ихьаам. Ари иаргәаҟуа Москва заҵәык ауп. Украина иҟоу аимадаратә рахәыцқәа зегь ԥырыҵәҵәоит", - ҳәа иҳәоит иара.

Азакәан апроект адкылара Украина аурыс уаажәларратә еилазаара ықәнагоит ҳәа иазиԥхьаӡоит Урыстәыла ахада иҿы иҟоу амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа рхеилак алахәыла Богдан Безпалько.

"Ари адокумент иоурысны зхы зыԥхьаӡо ишьагәыҭым рахь иаҵанаркуеит. Уи иаанаго азин аҿаҟәара, алшарақәа рырмаҷра роуп. Аҳәынҭқарра арҭ ауаа абӷа реианархоит, Украина аурыс етнос ықәнагоит", - ҳәа иҳәоит иара.

Ауаажәларратә усзуҩ игәаанагарала, арҭ рҩызцәа адискриминациатә закәанқәа Украина иабжоу аурыс жәлар арахьынтәи рықәҵарахь инаргоит.

"Иаԥхьаӡама украинатәи аелита ашәарақәа? Агәра сызгом. Хьаасгьы иакым. Иара аӡбарақәа ахала иаднакылаӡом. Ахьыԥшымреи асуверенреи рыҟамзаара - абарҭ афакторқәа роуп Зеленски иаԥшьгамҭа рыдыркылартә иҟазҵо", - ҳәа иҳәоит Богдан Безпалько.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0