Москва ахада акоронавирустә ԥкрақәа ирӷәӷәеит аепидҭагылазаашьа ахьеицәахаз азы

© Sputnik / Alexey Maishev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Москве отменен режим самоизоляции
В Москве отменен режим самоизоляции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Москва иаарԥшуп ԥхынҷкәын 26 раахыс иреиҳаӡоу акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара. 

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Москва аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз азы агәмырҿыӷьратә центрқәа, ахәаахәҭратә центрқәа рҿы ахәыҷтәы уадақәа, уахынла аус зуа арлахҿыхырҭақәа уҳәа русуразы аԥкрақәа еиҭадырхынҳәит, иара убас рашәара 15-20 ԥсшьарамшқәаны ирылаҳәоуп, абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Москва ахада Сергеи Собианин асабша рашәара 12 рзы.

Госпиталь COVID-19 в Центре мозга и нейротехнологий ФМБА России - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Авирус аҽеиҭакра иахьмырԥшкәа ахьчара зылшо алаҵа аус адырулоит

Собианин иблог аҟны ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы акоронавирустә инфекциа алаҵәаразы иҟоу аҭагылазаашьа еицәахеит, ачымазара зыхьыз рхыԥхьаӡара иацлеит, ҵыԥхтәи ашықәс азы иреиҳаӡаз арбагақәа рҟынӡа ихалеит.

Иара иажәақәа рыла, апациентцәа рацәаҩны рыдкылара алыршаразы акоронавирус зыхьуа рзы зықь ҭыԥ ҩаԥхьа bазырхиатәуп ақалақь амедицинатә центрқәа рҟны. 

Ҩаԥхьа аҩнынтәи аусурахь

Амер иажәақәа рыла, аҩнынтәи ахараусурахь излалшо ала ииасроуп COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟазымҵац аусзуҩцәа реиҳараҩык. Еиҳараӡак 65 шықәса ирҭысхьоу, ахроникатә чымазарақәа злоу атәылауаа.

Уи адагьы зықәрахь инеихьоу ауаа амҩа хара иқәымларц, аҩны рҽааныркыларц рабжьгоуп.

Иҵегьы аԥсшьарамшқәа

Москва ахада иара убас ачымазара аларҵәара аанкыларазы инапы аҵаиҩит рашәара 15-20 ԥсшьарамшқәаны иҟазҵо аусԥҟа, аусзуҩцәа руалафахәы рызныжьны. 

Ари аӡбамҭахь иаҵанакуеит анаплакқәеи аиҿкаарақәеи зегьы, рхатәтәра аформақәа ирыхьмырԥшкәа. Аха убри аан ақалақь азы аҵак ду змоу, аинфраструктура зхьыԥшу, атәылахьчара иаҵанакуа, иара убас "Росатом", "Роскосмос" уҳәа егьырҭ астратегиатә ҵакы змоу аусхкқәа знапы иану аусурахь ицәырҵроуп.

Арлахҿыхырҭақәа русура

Москва ахада адырра ҟаиҵеит рашәара 13-20 рзы ишаанкылахо арлахҿыхырҭақәа, ахәаахәҭратә центрқәа рҿы ахәыҷтәы уадақәа русура, акрыфарҭа маҷқәа уҳәа русура.

Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Аԥсны акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит 2772-ҩык ауааԥсыра

Уи адагьы азеиԥш крыфарҭақәа, уахынла аус зуа арлахҿыхырҭақәа, ашәаҳәарҭақәа, абоулинг, акәашарҭақәа уҳәа аус рур ҟалаӡом уахынла – асааҭ 23.00 инаркны 6.00 рҟынӡа, идәылганы ауаа рымаҵ зуа аҭыԥқәа рыда. 

Уи адагьы ақалақь апарк дуқәа рҿи аԥсабараҿы аԥсшьарҭақәа рҿи иадыркуеит аттракционқәа, аҳәыҷтәи аспорттәи дәқәа, уҳәа аҳауаҿы иҟоу аԥсшьарҭаҭыԥқәа зегьы. Апаркқәа рҿы анеиааира заҵәык ауп иалшо. 

Собианин инаҵшьны иазгәеиҭеит ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аиааиразы аԥкрақәа рықәныҟәареи алаҵа аҟаҵареи шаҭаху, алаҵаҟаҵаратә пунктқәа зегьы абжьааԥнеиԥш аус руеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0