Роспотребнадзор COVID-19 аштамм ҿыцқәа еиҳа еиҭазго рыӡбахә рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВрачи у рентгеновского снимка
Врачи у рентгеновского снимка - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2021
Анапаҵаҩра
Аекспертцәа иазгәарҭоит ачымазара аклиникатә ҟазшьа аҽшеиҭанакыз аха ОРВИ аспектр аҳәаақәа ишырҭымҵуа.

АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Акоронавирус аштамм ҿыцқәа аиҳарак еиҭазго аҿар роуп. Абри атәы лҳәеит Роспотребнадзор аклиника-аналитикатә усуразы ЦНИИ адиректор лхаҭыԥуаҩ Наталиа Пшеничнаиа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

В Москве отменен режим самоизоляции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Москва ахада акоронавирустә ԥкрақәа ирӷәӷәеит аепидҭагылазаашьа ахьеицәахаз азы

"COVID-19 ачымазара аклиникатә ҟазшьа рҽеиҭаркит, аха ОРВИ аспектр аҳәаақәа ирҭыҵуам. Аиҳарак аҿар рыбжьара иуԥылоит. Дара ачымазара еиҳа иласны ишырхыргогьы еиҭагаҩцәоуп, COVID-19 аладырҵәоит ҭакԥхықәрада", - лҳәоит лара.

Пшеничнаиа илҳәеит аштамм аҟазшьа ҿыцқәа зегьы аамҭалатәи ОРВИ аҟазшьақәа иреиԥшуп ҳәа.

Убри аан индиатәи аштамм аан амгәа ахьаа аҭыԥ амоуп, акрыфара угәамԥхо, угәы хынҳәуа уҟалоит, улымҳаҳара маҷк еиҵахоит, уҟәартәрақәа рхьаа цәырҵуеит.

Ахәдахьаа цәырҵуеит аиҳарак аденовирустә инфекциеи COVID-19 реилалараан. Уи адагьы ачымазара аклиникатә сахьа алагалақәа анаҭоит аамҭалатәи аллергиагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0