Росстуризм ахада: Амшын еиқәа аԥшаҳәа аԥсшьаҩцәа рыла иҭәуп

© Sputnik / Томас Тхайцук  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
Росстуризма ахада лыхәшьарақәа рыла аҳәаақәа раркра иахҟьаны амилаҭтә усхк 750 миллиард мааҭ цҵа аиуит.

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Амшын еиқәа аԥшаҳәа аԥсшьаҩцәа рыла иҭәуп, абри атәы лҳәеит агазеҭ "Известия" аинтервиу азҭаз атуризм азы Афедералтә маҵзура (Ростуризм) аиҳабы Зарина Догузова.

Отдых туристов на пляже Черного моря в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Аԥснытәи аотелиерцәа аԥсшьараз рыхәԥсақәа ладырҟәуа иалагеит

Догузова илҳәоит аԥсшьаҩцәа рырацәара шаныԥшыз арегион аҿы ҳаамҭазтәи асасааирҭақәа рмаҷра.

"Проблеманы иҟоуп ҳаамҭа иақәшәо аотельқәа рмаҷра, убри азы жәларбжьаратә аҳауатә еимадарақәа рганахьала иалагалоу аԥкырақәа раан аҭахрақәа еиҳахеит ирыдыргаларц ирылшо аасҭа. Ари ахәԥсақәа рдинамика ианыруеит", - лҳәоит Ростуризм ахада.

Лажәақәа рыла иааиуа ашықәсқәа рзы ашықәс зегь ауаа здызкыло, зхаҭабзиара ҳараку, ҳаамҭа иақәшәо аотельқәа рыргылароуп иус хадоу.

"2024 шықәсанӡа 20 000 иреиҵамкәа аномерқәа раартра ҳақәгәыӷуеит. Иахьазы ақалақь дуқәа рҿы иҟоу 60 000 номер роуп",- лҳәоит Ростуризм ахада.

2021 шықәсазы Аԥсны миллионки бжаки аԥсшьаҩцәа ирзыԥшуп. Лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан 150 000-ҩык атуристцәа Аԥсны иаҭааит. Уаанӡа атәыла ахада Аслан Бжьаниа иҳәахьан 2030 шықәсазы х-миллионк атуристцәа рыдкылара алыршаразы 60 000 иара-ҭыԥ аарттәуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Аԥсны 2021 шықәсазы миллионҩык инареиҳаны аԥсшьацәа ирзыԥшуп

Ажәабжьқәа зегьы
0