Кремль: алаҵаҟаҵара хымԥадатәуп ҳәа ҳалацәажәаӡом

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНаграждение победителей VI Всероссийского конкурса "МедиаТЭК"
Награждение победителей VI Всероссийского конкурса МедиаТЭК - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2021
Анапаҵаҩра
Апандемиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы агубернаторцәа иалшоны иҟоу ауснагӡатәқәа мҩаԥыргалароуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтәи алаҵа Урыстәыла арегионқәак рҿы хымԥада ауаа ирыларҵароуп ҳәа иршьоит хаз игоу атәылауаа ркатегориақәак рзы, инеиԥынкыланы зегьы алаҵаҟаҵарада ԥсыхәа ыҟам ҳәа аӡәгьы иҳәом. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.

"Ари аус аҿы аҷыдарақәа зегьы ирызхьаԥшлатәуп. Ҳазлацәажәо шьаҭанкыла алаҵаҟаҵара акәым, арегионқәа рсанитартә ҳақьымцәа рабжьгарақәеи рыӡбарақәеи роуп", - иҳәеит Песков.

Иара иазгәеиҭеит арегионқәа рхадацәа раԥхьа иргыланы уа иҟоу аҭагылазаашьа иахьыԥшуеит, иалкаау аусхкқәа русзуҩцәа рзы ихымԥадатәиу алаҵаҟаҵара аҭаххароуп зыӡбахә ҳәоу ҳәа иҳәоит.

Аҿкчымазара алаҵәара ишаҿу ала, ари аус ас амҩаԥгара иашоуп ҳәа ахиҳәаауеит Песков.

Ахашаҽны Роспотребнадзор Москватәи аобласт аҿы ахада Елена Андреева ақәҵара ҟалҵеит ахәаахәҭра, амаҵзурақәа, азеиԥшкрыфара, атранспорт, агәабзиарахьчара, ЖКХ, МФЦ, аҵара, акультура русхк аҟны аус зуа рзы алаҵаҟаҵара аиҿкаара мҩаԥгазарц. Ақәҵара инақәыршәаны нанҳәамзанӡа арҭ аиҿкаарақәа рҿы 60% иреиҵамкәа аусзуҩцәа алаҵа рзыҟаҵатәуп. Хаз игоу атәылауаа ркатегориақәак рзы хымԥада алаҵаҟаҵараз аӡбара рыдыркылеит иара убасгьы Кузбасс, Сахалинтәи аобласт.

В Москве отменен режим самоизоляции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Москва ахада акоронавирустә ԥкрақәа ирӷәӷәеит аепидҭагылазаашьа ахьеицәахаз азы

Песков ажурналистцәа иреиҳәеит агубернатор арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра шиду, иаҳҳәап Собианин (Москва ахада - аред.), Воробьев (Подмосковие агубернатор - аред.) аҭакԥхықәра рыдуп европатәи тәылак иаҵакыроу аҟара иҭбаау аконгломерат азы.

Песков иара убасгьы иазҵааит хатәгәаԥхаралатәи алаҵаҟаҵара хра амоуит азы, иаанханы иҟоу иалкаау категориақәак рзы хымԥадатәи алаҵаҟаҵара алагалара аамҭа ааима ҳәа.

"Усеиԥш иҟоу алкаа сзыҟаҵом", - иҳәеит иара.

Иара убри аан апресс-маӡаныҟәгаҩ иазгәеиҭеит хатәгәаԥхаралатәи алаҵаҟаҵара акыр ишьшьылаҳауп ҳәа.

"Ахада изныкымкәа иҳәахьан аилыркааратә, апропагандатә усура аҭахуп ҳәа. Иахьазы ииашаҵәҟьаны алаҵаҟаҵара атемпқәа даара иԥсыҽуп", - иҳәеит Песков.

Ажәабжьқәа зегьы
0