Пашиниан ипартиа Апарламент ахь алхрақәа рҟны аиааира агеит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПетербургский международный экономический форум. День второй
Петербургский международный экономический форум. День второй - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Анапаҵаҩра
Ермантәыла Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит амҽыша, рашәара 20 азы. Иалахәын 21 партиеи аблокқәа ԥшьбеи.

АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Ермантәыла аԥыза-министр и.н. Никол Пашиниан ипартиа "Атәылауаа реиқәшаҳаҭра" Апарламент ахь алхрақәа рҟны аиааира агеит. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит алхырҭатә ҭыԥқәа 2008 рҿы имҩаԥгаз абжьқәа реихшьалақәа анырыԥхьаӡа.

АКХ адыррақәа рыла, Пашиниан идгылаҩцәа 53,92% бжьы роуит, атәыла уаанӡатәи ахада Роберт Кочариан иблок "Ермантәыла" – 21,04%.

Ахԥатәи аҭыԥ агеит Ермантәыла уаанӡатәи ахада Серж Саргсиан иблок "Ҳаҭырла" – 5,23%.

Абизнесмен Гагик Царукиан ипартиа "Ишәҭыкакаҷуа Ермантәыла" – 3,96% бжьы аиуит, Апарламент ахь анеиразы хә-процентк ахьаҭахыз.

Пашиниан уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан дшазыхиоу аполитикатә мчрақәа рацәажәара, аполитикатә ԥсҭазаареи ауаажәларратә лшареи рконсолидациаз ргәаанагарақәа реилкааразы.

Пашиниан Урыстәыла ахада Владимир Путини аԥыза-министр Михаил Мишустини ҭабуп ҳәа реиҳәеит Ермантәылеи аерман жәлари ирзыҟарҵо адгыларазы.

Кочариан иблок алхрақәа рылҵшәақәа агәыҩбара урҭоит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.

"Алхрақәа реихшьала аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылаҿы имҩаԥгаз ауаажәларратә ҭҵаарақәеи жәларбжьаратәи агәаанагарақәеи, иҟоу аҭагылазаашьеи ирықәшәом", - ҳәа азгәарҭоит алианс аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0