Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аиҭавакцинациаз абжьгарақәа ҟанаҵоит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 в ЦУМе
Вакцинация от COVID-19 в ЦУМе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит "Спутник V" налаҵаны алаҵақәа ԥшьба.

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко аҳәамҭа ҟаиҵеит ачымазара аҽышьҭыхымҭаз аиҭалаҵа шықәсыбжак ахь знык иҟаҵалатәуп ҳәа, ианҭынчроу – шықәсык ахь знык.

Иара иҳәеит аревакцинациа аинфекциа ушацәнахьчо, уи азы еснагь ахгәаҭара шаҭахым.

"Иаҭахым есыҽны ацәеижьҿагылақәа ргәаҭара. Еиҳа иоптималу ҭагылазаашьоуп иахәҭоу аҿҳәарақәа раан аиҭавакцинациа амҩаԥгара", — иҳәеит аминистр аканал "Россия 24" аефир аҿы.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V" Гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ-и еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭаҩҩуп. Жьҭаарамзазы иҭанаҩит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит. Иара убасгьы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак". "КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны, иара убас иҭыжьуп алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт.

Ажәабжьқәа зегьы
0