ААЕ аҟны еиҭарҳәеит, иарбан ҩаӡароу ацәеижьҿагылараан COVID-19 аҟынтәи алаҵа аҟаҵара анауа

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация в Абхазии
Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Анапаҵаҩра
Алаҵа шыҟарҵогьы, ААЕ аспециалистцәа ишьақәдырӷәӷәоит асабрадақәеи анапхаҵақәеи рныҟәгара, иара убас ауаа рыбжьаӡара ақәныҟәара.

АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Аҽкчымазаразы алаҵаҟаҵара ауеит, ацәеижьҿагылара иарбан ҩаӡаразаалак ҳәа, азгәалҭеит Урыстәыла иҟоу Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнак Мелита Вуинович.

"Ацәеижьҿагылара шшәымоу алаҵа ҟашәҵит ҳәа ԥырхага шәоуӡом", -лҳәеит лара ТАСС аинтервиу аҭуа.

Иара убас, Вуинович иазгәалҭеит, ауаҩы ицәа иалоу ацәеижьҿагылақәа ишаадмырԥшуа акоронавирус иаҿагыло аиммунитет ашьҭыхра. Инхарҭәааны ацәеижьҿагылақәа рыҭҵааразы алабораториа иадҵаалатәуп. Лара лгәаанагара ала алаҵа уахьчоит.

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнак илҳәеит апандемиа сынтәа аанкылара шалыршахо,  Урыстәыла ауааԥсыра зегьы иақәнагоу аԥҟарақәа зегьы ирықәнаҟәыр.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0