"Спутник V" ахархәаразы иҟоу абжьгарақәа аҿыцрақәа рылагалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация в Абхазии
Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр рашәара 25 рзы аҳәамҭа ҟаицеит "алаҵа "Спутник V" зцәа зтәым рзыҟаҵара ҳақәшаҳаҭхеит" ҳәа.

АҞӘА, рашәара 27- Sputnik. Акоронавирус хызҽуа алаҵа "Спутник V" ахархәаразы иҟоу абжьгарақәа аҿыцрақәа рылагалоуп, уаҟа иаҳәоит уажәшьҭарнахыс зцәа зтәым алаҵа рзыҟарҵалоит ҳәа. 

Вакцинация от COVID-19 препаратом КовиВак - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
"Спутник V" уажәшьҭарнахыс зцәа зтәым ирзыҟарҵалоит

Аклиникаԥхьатә ҭҵаарақәеи, аклиникаҭҵааратәи, аҭаҩранаҩстә аамҭеи азхьаԥшра рыҭаны аексперттә еилазаара аӡбра рыдыркылеит алаҵа "Гам-КОВИД-Вак" зцәа зтәым рзы ԥкыра амам ҳәа.

Уаанӡа зцәа зтәым аҳәса акоронавирус аҟынтәи алаҵа рзыҟаҵара анацәа реиԥш ииуа ахәыҷқәа рызгьы хра амоуп, избанзар ан лцәеижьҿагылақәа ахәыҷы иоуеит агәыԥҳәыхш анифо ҳәа иҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр адиректор Александр Гинцбург.

Акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Урыстәыла арегионқәа зегьы рҿы. Атәылаҿы ашәҟәы иҭагалоуп алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак", "Спутник Лайт".

 

Ажәабжьқәа зегьы
0