Шәача аҿыцргылара ҩнқәа рыхәԥса аҳаракразы Урыстәыла аԥыжәара амоуп

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на гору Ахун.
Вид на гору Ахун. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса актәи ашықәсбжа аихшьалақәа рыла 300 000-ҩык иреиҵамкәа иахьынхо ақалақьқәа рҿы аҿыцргыларақәа рыхәԥса халеит.

АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Арҭ аихшьаалақәа рырбагақәа рыла Шәача аҿыцргылара ҩнқәа рыхәԥса аҳаракраз Урыстәыла аԥыжәара амоуп: фымз рыҩнуҵҟа метр-ԥшьыркцак ахәԥса 38% ихалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, апортал "Мир квартир" аҟазауаа рыԥхьаӡарақәа рыла.

"Ақалақь ахадара ԥхынгәы 1 азы амчра зауа аргыларақәа анҭырҵаа ашьҭахь, еилкаахеит аҿыцргыларақәа рџьармыкьаҿ адефицит шыҟалоз. Аргылаҩцәа еилыркааит иарбан хәԥсазаалак иқәдыргылалак ишаархәоз. Иагьиашахеит. Аҭиратә ҟәшақәа рахь агәаран иқәгылеит", - ҳәа иҳәоит апортал адиректор хада Павел Луценко.

Адырраҭараҿы ишаҳәо ала, ахәԥсақәа ҳаракуп Калининград (+20%), Омск (+19%), Симферополь (+19%), Саратов (+18%), Краснодар (+18%), Севастополь (+17%), Самара (+17%), Тверь (+17%), Курск (+17%).

Москва апортал адыррақәа рыла, ахәԥсақәа 12% рыла ихалеит – метр ԥшьыркцак азы – 290,3 нызқь мааҭ, Подмосковье - 16%, – 129,2 нызқь мааҭ, Санкт-Петербург - 13% – 170 нызқь мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0