Урыстәыла арегионқәа 13 рҟны 130 нызқьҩык ӡыдеи лашарадеи иаанхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Анапаҵаҩра
Секунд ала 20 метра зӷьыра ыҟаз аԥша зҵаз ациклон Урыстәыла аҵакыра иахысит.

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Урыстәыла арегионқәа 13 рҟны 540 еиланхарҭа 130 нызқьҩык ауааԥсыра ӡыдеи лашарадеи иаанхеит 20 метра иҟаз аԥша зҵаз ациклон иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ацентртә, Приволжсктәи, Аҩада-Мраҭашәаратәи афедералтә округқәа ирыҵаркуа Урыстәыла арегионқәа 13 рҟны 539 еиланхарҭа фымцалашарала реиқәыршәара еиԥҟьеит", - ҳәа азгәанаҭоит амаҵзура.

Амшбааԥс иааидкыланы 61 муниципалтә еиҿкаара амҽханакит, лашарада иаанхеит 47,5 нызқь ҩны, 429 ҵла каҳаит, 69 хыб хнаҟьеит, 88 автомашьына ааха роуит.

Аҩаша, асааҭ 06:00 рзы Чувашиа, Мордовиа, Нижегородтәи, Улиановсктәи, Вологодстәи аобластқәа рҿы лашарада иаанханы иҟан 123 еиланхарҭа ҭыԥ, зыҟны 53 нызқьҩык ауааԥсыра нхо.

Иҟоу азԥхьагәаҭарақәа рыла рашәара 29 азы ациклон аҩада-мрагыларахьтәи ахырхарҭала ииасуеит, анырра рнаҭоит Ацентртәи Аҩада-Мраҭашәаратәи афедералтә округқәа, аиҳаракгьы – Псковтәи, Новгородтәи, Ленинградтәи аобластқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0