Урыстәыла COVID зманы зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара уаанӡа иаадырԥшхьаз раасҭа еиҳахеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 на базе перинатального центра ГКБ №67
Госпиталь COVID-19 на базе перинатального центра ГКБ №67 - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ачымазараҿкы зцәа иаланы зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара ррекордтә рбагақәа ашәҟәы иҭагалан ԥхынгәы 10 рзы - 752-ҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Урыстәыла COVID-19 зманы зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара уаанӡа иаадырԥшхьаз ахҭысқәа раасҭа еиҳахеит, уахыки-ҽнаки рыла иазгәаҭан 780-ҩык, рзеиԥш хыԥхьаӡара еиҳахеит 144 492-ҩык рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла 780 ԥсыҭбара ҟалеит... Апандемиа аамҭазы зынӡа Урыстәыла рыԥсҭазаара иалҵит 144 492-ҩык", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Санкт-Петербург - 108-ҩык, Москва - 103-ҩык, Иркутсктәи аобласт - 32.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0