Биткоин 40 000 доллар рахь еиҭахалеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин.
Сувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин. - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Анапаҵаҩра
Адунеи аҿы зегь раасҭа аларҵәара змоу акриптавалиута, биткоит ахәԥса 40 000 доллар рахь еиҭахалеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Ԥхынгәы 26 ауха биткоин ахәԥса 15% ихаланы 40 000 доллар артәеит ҳәа азгәанаҭоит ахәаахәҭратә рбага.

Вывеска компании Tesla - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2021
Илон Маск афымцамобильқәа Tesla абиткоин азы рыҭира деиҭалагар шыҟало иҳәеит

Акриптовалиутақәа рыла ихәаахәҭуа абиржа Binance аҿы биткоин асааҭ 7:17 рзы 12,3% иацлеит, иагьартәеит 38,3 000 доллар.

Ихалеит хәыԥсала егьырҭ акриптовалиутақәагьы - Ethereum, Dogecoin.

Аекспертцәа ишырҳәо ала ари мзыз иамоу биткоин Amazon аҿы хәшәагак аҳасаб ала ахархәара аҭахоит ҳәа иҟаҵоу аҳәамҭеи китаитәи анапхгара биткоин амазаара азин ахьыҟарымҵои ауп.

Иара убасгьы амиллиардер Илон Маск напхгара зиҭо аилахәыра Tesla аҟны азин ҟаиҵеит абиткоинқәа хәшәагак аиԥш ирыдыркылаларц, амала акриптовалиута еиҳа аекологиатә ҟазшьа анаиулак.

Ажәабжьқәа зегьы
0