Биткоин 15% ихаланы 40 000 доллар еиҳахеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСувенирные монеты с логотипами криптовалют Bitcoin, Litecoin и Ethereum.
Сувенирные монеты с логотипами криптовалют Bitcoin, Litecoin и Ethereum. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Анапаҵаҩра
Биткоин – адунеи аҿы еиҳа ахархәара змоу криптовалиутоуп, аџьармыкьаҿы 70 процент аҭыԥ ааннакылоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Ашәахьа ауыха биткоин ахәԥса 40 000 доллар иахысит, ԥхынгәы 16 аахыс раԥхьаӡа акәны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Сувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин. - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Биткоин 40 000 доллар рахь еиҭахалеит

"Акриптовалиутақәа рыла иахьыхәаахәҭуа абиржа Binance аҿы биткоин асааҭ 22.10 азы ахә  17,2%  иазҳаны ишьақәнаргылеит -  40,2 000 доллар", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ашәахьа ауыха биткоин ахәԥса 40 000 доллар иахысит, ԥхынгәы 16 аахыс раԥхьаӡа акәны. Ииасыз амчыбжь азы 30 000 доллар илаҟәны иҟан. 2021 шықәса хәажәкырамзазы биткоин арекордтә хәыԥса шьақәнаргылеит  60 000 доллар ҳәа.

Аекспертцәа ишырҳәо ала ари мзыз иамоу биткоин Amazon аҿы хәшәагак аҳасаб ала ахархәара аҭахоит ҳәа иҟаҵоу аҳәамҭеи китаитәи анапхгара биткоин амазаара азин ахьыҟарымҵои ауп.

Иара убасгьы амиллиардер Илон Маск напхгара зиҭо аилахәыра Tesla аҟны азин ҟаиҵеит абиткоинқәа хәшәагак аиԥш ирыдыркылаларц, амала акриптовалиута еиҳа аекологиатә ҟазшьа анаиулак.

Ажәабжьқәа зегьы
0