Акаҳуа ахә халар ҟалоит

CC0 / / Чашка кофе с кофейными зернами
Чашка кофе с кофейными зернами - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҩнаҭақәа рҿы асасцәа шамахамзар акаҳуа рыдыргалоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Нанҳәамзазы акаҳуа ахә 10-12 процент ишьҭыҵыр ҟалоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, "Коммерсант" адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны. Ари ажәабжь аҭыжьымҭа иазеиҭарҳәеит ахәаахәҭратә еилахәыра "Верный" аҟны.

Агазеҭ иазгәанаҭоит аалыҵ ахә ишацло азы адырра мзыз хаданы иазыҟоу Бразилиа сынтәа акаҳуа ахьымӷьацаз ауп. Иара убасгьы алогистика ахәԥсагь халеит.

Адәқьанқәа рҳа "Лента" "Коммерсант" аинформациа азышьақәдырӷәӷәеит, убри аан ирҳәеит ари азҵаара аҽа ӡбракгьы аиур шалшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0