Ермантәыла Азербаиџьан ахара аднаҵоит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДжебраильский район Азербайджана
Джебраильский район Азербайджана - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2021
Анапаҵаҩра
Ермантәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит азербаиџьантәи ар ахаша ауыха аерманцәа рпозициақәа ирылахысуан ҳәа. Аҳәааҿы аҭыԥ змаз аиҿахысраан хҩык ҭахеит хәҩык ахәрақәа роуит. Анаҩс Москва абжьаҟазарала ахымца нкылан, аха аамҭак ашьҭахь еиҭахацыркхеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Ермантәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит азербаиџьантәи ар ахысрақәа ныркылом ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Нагорный Карабах: смогут ли Азербайджан и Армения прекратить огонь и договориться? - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2021
Ермантәылеи Азербаиџьани реинышәара аилагаразы ахара рыдибаҵоит

"Ԥхынгәы 30, асааҭ 11:20 - 11:30 (10:20—10:30 мск) рзы азербаиџьантәи  аруаа ермантәылатәи аруаа рпозициақәа ириехсуан аснаипертәи аҽа абџьарки рыла» ҳәа аҳәоит арратә усбарҭаҿы.

Ерахтәи аҳәаахәҭа 70 километр Ереван иацәхыкуп. Аҳәамҭаҿ иазгәаҭан ахымца аҭак шыҟаҵаз, аӡәгьы ааха шимоуыз.

Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Бџьаршьҭыхрыла аиҿагылара аанкыларазы аҽазышәарақәа ҟаҵан.

Анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра  инақәыршәаны Ермантәыла Азербаиџьан иазырхынҳәит Кельбаџьартәи, Лачатәи, Агдамтәи араионқәа. Арегион аҿы аурыс абжьаҟазаҩцәа гылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0