Аиммунолог еиҭеиҳәеит коронавирус аамҭахҵәаха чымазараны ианыҟало атәы

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение пациентов с COVID-19 в Волгограде
Лечение пациентов с COVID-19 в Волгограде - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2021
Анапаҵаҩра
Роспотребнадзор ахәбатәи аҭҵаара мҩаԥнагеит COVID-19 ахь аколлективтә иммунитет аҟалара ахәшьара аҭаразы.
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Коронавирус ашықәс зегь амҽхамкыкәа, аамҭахҵәахак иатәу чымазараны иҟалоит адунеи ауааԥсыра аиммунитет 80% рҟынӡа роур, ҳәа аҩуеит амаҵзура Праим Пастер ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рзы Санкт-Петербургтәи аҭҵаарадырратә институт адиректор Арег Тотолиан иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
Производство препарата Ковид-глобулин на основе плазмы крови переболевших COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2021
Акоронавирус аҽеиҭакра шаанкылатәу атәы азгәаҭоуп
Урыстәылатәи аҵарауаа шықәсык ҵуеит атәыла 26 регион рҿы аколлективтә иммунитет амазаара ҭырҵаауеижьҭеи.
Тотолиан иҳәеит аиммунитет змоуи, алаҵа ҟазҵахьоуи, ачымазара зхызгахьоуи еиҟараны еихшазарц. Усҟан ауп аҭагылазаашьа хра аманы ианыҟало.
"Ичмазаҩыз рцәеижьҿагылақәа еиҳа-еиҳа иахьеиҵахо инақәыршәаны иуҳәар ҟалоит ковид аамҭа-аамҭала ихынҳәлоит. Иара убри аан иара аамҭахҵәахак иатәу чмазарахар алшоит. Аха усеиԥш аныҟало атәылауаа реиҳараҩык ачымазара анархыргалак ма алаҵа аныҟарҵалак ашьҭахь ауп", - ҳәа иҳәоит Тотлиан арадиостанциа "Комсомольская правда" аефир аҿы.
Иахьазы Урыстәыла 7 012 599 -ҩык акоронавирус чымазара рыхьхьеит. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 187 200-ҩык, ргәы бзиахеит 6 270 731 –ҩык.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҳақьым еиҭеиҳәеит COVID-19 ашьҭахь аиммунитет ахьынӡаҟоу
Ажәабжьқәа зегьы
0